Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агрԥҳа Пицундатәи ауахәамаҿы аконцерттә сезон заа аартразы: иџьашьахәуп

Агрԥҳа Пицундатәи ауахәамаҿы аконцерттә асезон заа аартразы: иџьашьахәуп
Анапаҵаҩра
Пицундатәи ауахәамаҿы аконцерттә сезон аартуп, избан уи мызкы аԥхьа изхацыркхаз, насгьы ишԥеиҿкаахо уи аусура ари аԥхынразы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аконцерттә зал аиҳабы Гәында Агрԥҳа.
Ас заанаҵы иааҳартлаӡомызт аконцерттә асезон, ари ҳара ҳзы иџьашьахәуп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Агрԥҳа.
"Абжьааԥны ҳалагон лаҵарамза аҵыхәтәантәи амшқәа рзы. Сынтәа иадҵаало рацәоуп, асасааирҭақәа рҟынтә иаҳзасуан, убри аҟнытә иазыӡбан мшаԥымза 30 рзы аконцерттә сезон аартра. Иара хацыркын ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиеи ашәаҳәаҩ Кристина Ешбеи рыла", - ҳәа еиҭалҳәеит Агрԥҳа.
Аконцерттә зал аиҳабы лажәақәа рыла, аԥхын еиԥшьҵәҟьа ирацәамзаргьы ауаа, ари аамҭазы ибзиоуп ҳәа азырыԥхьаӡоит.
Гәында Агрԥҳа еиҭалҳәеит сынтәатәи асезон азы иазгәаҭоу апрограмма атәы, насгьы егьырҭ ашықәсқәа излареиԥшымхо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0