Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акәашаратә ансамбльқәа XXV реицлабра "Аӡыхь" аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Конкурс детско-юношеских танцевальных ансамблей "Адзыхь–2023" открылся в Сухуме
Конкурс детско-юношеских танцевальных ансамблей Адзыхь–2023 открылся в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахәыҷтәы-қәыԥштә хореографиатә аколлективқәа реицлабра "Аӡыхь" иалахәуп ареспублика аҟазаратә коллективқәа.
АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡбак Авидзба. Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә акәашаратә ансамбльқәа XXV реицлабра "Аӡыхь" аатит Аҟәа Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы, уи мҩаԥысуеит лаҵара 4-5 рзы.
Акәашарақәа рнаҩс, афилармониа асценаҿы иӡырыргеит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа еиқәиршәаз "Аԥсуаа рыкәашаратә музыка" захьӡу анотатә еизга.
Аконкурс аҿы номинациақәак ыҟан: аԥсуа милаҭтә кәашара, адунеи ажәларқәа рыкәашарақәа, ҳаамҭазтәи акәашара, ҩыџьа-ҩыџьеи асолотәи кәашарақәа. Зынӡа ҩымш рыла иддырбоит 25 номер.
Алахәылацәа ақәратә категориақәа ҩба рыла еихшан: аиҵбыратә гәыԥ - 7-12 шықәса зхыҵуа, аиҳабыратә - 13-18 шықәса зхыҵуа.
Ажиури аконкурсантцәа рҟазара ахәшьара арҭоит, акәашара атема ахьынӡарзынагӡаз, асценатә культуреи акостиумқәеи зеиԥшроу, иадыргалаз амузыка ишанаало.
Аиааира згаз ирырҭоит актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҩаӡарақәа рдипломқәа, егьырҭ ироуеит иҷыдоу агәаларшәагатә ршаҳаҭгақәа. Алахәылацәа зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа рырҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0