Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Асекта "Страна Души" анапхгаҩцәа хышықәсеи бжаки абахҭаҿы аҭакра рықәырҵеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде
Рассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2023
Анапаҵаҩра
Асекта иалахәу рхыԥхьаӡара макьана еилкааӡам, аха Дранда аҳаблаҿы игылоу аҩнқәа руак аҿы инхон 30 рҟынӡа ауаа, урҭ рнапхгаҩы Владимир Хоружи дназлаз.
АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik. Аԥсны аус зуаз асекта "Страна Души" аԥҵаҩы хышықәсеи бжаки азеиԥш колониаҿы аҭакра иқәырҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аӡбарҭақәа рзеиԥш пресс-маҵзура.
Владимир Хоружи 2008 шықәса рзы Аԥсны иаԥиҵеит адинхаҵаратә еидгыла, уи зықәныҟәоз кришнаизм акәын. Ашьаусҭҵаара ишьақәнамыргылеит асекта иалахәу ауаа рхыԥхьаӡара шаҟа ыҟоу, аха урҭ рахьтә иҟан зықәра намӡацызгьы.
Изларҳәо ала, зықәра намӡац иааӡамҭацәа Хоружи иара итәала иааӡон, арраҿы ишаԥу еиԥш. Аҳәатәхамҵара, агхара, амцҳәаразы иара урҭ иԥҟон, иуадаҩыз адҵақәа риҭон, рыуацәа идирбомызт.
Асекта аусура аанкылан 2021 шықәса рзы, усҟан Хоружи Шәача даанкылан. Адлертәи аӡбарҭа иара ахара иднаҵеит Урыстәыла Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 239 ахәҭа 1 ("Атәылауаа рхаҭареи рзинқәеи еилазго икоммерциатәым аиҿкаара аԥҵара" - азгә.), ахәҭаҷ 117 ахәҭа 2 апункт "г" ("Ацәеижь аргәаҟра" - азгә.) иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа ҟаиҵеит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0