Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Жәаҩакәара иху ацҳа аремонт 10 миллион мааҭк рҟынӡа ақәхарџьхоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Река Лашыпсы в Ауадхаре
Река Лашыпсы в Ауадхаре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2023
Анапаҵаҩра
Жәаҩакәара иху ацҳаҟны аремонттә усурақәа рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп 2023 шықәса рашәарамзанӡа.
АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәаҩакәара ацҳа аремонт 10 миллион мааҭк рҟынӡа ақәхарџьхоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цәышба.
"Арҭ аԥарақәа араион ахатәы биуџьет аҟынтә игоуп. Аусурақәа ирыҵаркуеит аҩганк рҟны ацәхыԥқәа рыԥсахра, ахаҳәҟьаԥс ақәҵара, афымцатә баҟәқәеи амаакырақәеи рыԥсахра", - иҳәеит иара.
Аҭыџь иалхыз амаакырақәа реиҳарак ԥхасҭан, урҭ рҟынтәи ахархәара зылшо даҽа ҭыԥқәак рҿы иқәдыргылоит.
Жәаҩакәара иху ацҳаҟны аремонттә усурақәа рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп 2023 шықәса рашәарамзанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0