Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиааира Ду амш инадҳәаланы Дәрыԥшь имҩаԥысуеит аҽырхәмаррақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Конно-спортивные соревнования в селе Дурипш
Конно-спортивные соревнования в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2023
Анапаҵаҩра
Дәрыԥшь имҩаԥысуа аицлабрақәа аԥхьахәтә фонд 880 нызқьмааҭ ыҟоуп. Аицлабрақәа мҩаԥысуеит лаҵара 8-9 рзы.
ДӘРЫԤШЬ, лаҵара 8 - Sputnik, Бадри Есиава. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Дәрыԥшь аҽырҩырҭаҟны ирылагеит аҽтәы спортхәмаррақәа.
Ахәмаррақәа ирылахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҟынтәи ф-командак - Аацы, Ҟәланырхәа, Лыхны, Дәрыԥшь Жәандәрыԥшь, Џьырхәа. Аҽыбӷаҟазацәа еицлабуеит аҵәеигәыдҵа, ҽыла ампыласра, аҳәаҟьара, аҽырхәмарра.
Арҭ аицлабрақәа рыҟны Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟынтәи аҽыбӷаҟазацәа залахәхаӡом, урҭ рымчқәа ԥыршәар рылшоит ҽыла аиԥхныҩлара аҟны.
Аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Џьарназ Бениа ишазгәеиҭаз ала, 1200, 1400, 1800, 2000, 4000 метра аҽқәа еиԥхныҩлоит. Уаҟа иҟоуп Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа, Аԥсни СССР-и аспорт азҟазацәа ргәалашәараз, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира амши ирызку аԥхьахәтә ҭыԥқәа.
Аицлабра аԥхьахәтә фонд 880 нызқьмааҭ ыҟоуп.
В Абхазии открылся скаковой сезон, в селе Кутол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2023
Аҽымпыл, аҵәеигәыдҵа, аҽырхәмарра: аҽырыҩра Кәтолаа рыҟны
Амш ақәа шауагьы, аицлабрақәа ирыхәаԥшырц Дәрыԥшь ақыҭа иаҭааит шәҩыла аҽыхәмаррақәа рыбзиабаҩцәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп Аԥсны аныҳәамшқәа рзы ԥсшьара иаҭааз асасцәагьы.
Дәрыԥшьтәи аҽырҩырҭа аихахыцла иҭыхкаауп, иҷаԥшьоит ацхыраара ласи амедицинатә гәыԥи.
Ажәабжьқәа зегьы
0