Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Очамчыра араион аҟны аилацәажәара мҩаԥигеит

© Foto / официальный сайт Президента РАПрезидент Аслан Бжания провел выездное рабочее совещание в Администрации Очамчырского района
Президент Аслан Бжания провел выездное рабочее совещание в Администрации Очамчырского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2023
Анапаҵаҩра
Араион асоциал-економикатә ҿиара, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ирзоужьу аԥаралеи, Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгоу аусурақәеи уҳәа акыр азҵаарақәа ирзааҭгылан аилацәажәараҟны.
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа анҭыҵтәи аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит Очамчыра араион аҟны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Араион ахада Беслан Бигәаа 2020-2022 ш.ш. рызтәи ареспубликатә биуџьети Аинвестпрограммалеи ирзоужьыз аԥарақәа рыла иҟаҵоу аусурақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит.
Иара иажәақәа рыла, Аинвестпрограммала ирзоужьыз 376 миллион мааҭ рахьынтәи иныхуп 322 миллион мааҭ. Арҭ аԥарақәа рыла ақыҭақәа Тамшь, Мықә, Маркәыла амҩдуқәа рыҟны акаҭран ықәҵан, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган афымцацәаҳәа аихшарҭақәа рыҟны, иаахәан аҳауатә цәаҳәа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргыларазы амаҭәахәқәа, ихыркәшоуп ареспубликатә мҩаду Аҟәа-Очамчыра арлашара актәи ахәҭа.
Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убасгьы иазгәаҭоуп, Мықә аӡеизакырҭа аргылареи "Аҽгәара" шьаҭанкыла арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгареи.
Ареспубликатә биуџьет ахарџьқәа рыла имҩаԥган акыр аусмҩаԥгатәқәа рацәаны. 2021 шықәсазы Ӷәада ақыҭан ацҳа шьақәыргылан, Аҭареи Маркәылеи аӡыржәтә азы адгьыл кылҵәан. Гәыԥи Маркәылеи иргылан астадион маҷқәа, Гәыԥ ақыҭан афымцацәаҳәа еиҭашьақәыргылан, Ҷлоу аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шьақәыргылан.
2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ахарџьқәа дәықәҵан Гәыԥ ақыҭа фымцала аиқәыршәараз, Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи арҽеираз, афельдшер-акушер ҭыԥқәа реиҭашьақәыргылараз, Аӡҩыбжьа аӡыржәтәазы адгьылкылҵәараз.
Урҭ рыдагьы, аиԥылараҟны ирылацәажәеит араион аҟны аенергетика, акриминогентә ҭагылазаашьа, ашәахтәқәа реизгара уҳәа акыр азҵаарақәа.
Аслан Бжания проводит совещание в администрации ткуарчалского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит
Ажәабжьқәа зегьы
0