Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада Владимир Путин Аиааира Ду амш идиныҳәалеит

© Foto / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2023
Анапаҵаҩра
Лаҵара 9 1945 шықәсазы ихыркәшахеит ауаатәыҩса рҭоурых аҟны зегь раасҭа ишьаарҵәыраз аибашьра, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду.
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин идиныҳәалеит Аџьынџьтәылатә еибшьра Ду аҟны СССР иагаз аиааира 78 шықәса ахыҵра. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, асовет жәлар ракзаареи хыцәнамырха рыԥсадгьыл ахьчареи ишабзоурахаз анацисттә Германиа цҟьашәҟьа агара.
"Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз аиааира аидгылареи акзаареи рзы иҿырԥшыгоуп ҳҳәынҭқаррақәа еицырзеиԥшу аҭоурых аҟны. Аҭынчраз зхы иамеигӡаз афырхацәа ргәаларшәара ҳажәларқәа еиднакылоит", -ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҟны.
Аԥсны ахада Владимир Путин изеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиарақәа инапы злаку атәыла аизҳара аус аҟны.
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Белоруссии А. Лукашенко - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2023
Аԥсны
Владимир Путин Аԥсны ахадеи ажәлари Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0