Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа: Воронов иҭахара Аԥсназы ааха дуӡӡоуп

© Foto / Администрация Президента Республики Абхазия Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2023
Анапаҵаҩра
82 шықәса раԥхьа, лаҵара 8 1941 шықәсазы Ҵабал диит иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Иури Воронов.
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Иури Воронов иҭахара зышьақәгылара иаҿыз Аԥсназы ааха дуӡӡахеит ҳәа иҩуеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Аҵарауаҩ диижьҭеи 82 шықәса аҵра иазкны икьыԥхьуп атәыла ахада ипресс-маҵзура асаит аҟны.
Аԥсны аҳәынҭқарра анышьақәгылоз аамҭазы Иури Воронов иҭахара ааха дуӡӡахеит. Иахьа уажәраанӡагь уи иҟамзаара аԥсуа жәлар ирыцҳара дуны ирыԥхьаӡоит. Аԥсны апатриот ду, еицырдыруаз аҵарауаҩ игәалашәара наунагӡахааит!", - ҳәа аҳәоит атекст аҟны.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҟны Воронов иҭҵааратә усумҭақәа шаҟа рҵакы дууз, иара убас атәыла аполитикатәи ауаажәларратә ԥсҭазаареи шаҟа активла далахәыз.
Хықәкыла дазааҭгылеит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан Воронов атәым ҳәынҭқаррақәа рахь имаз аимадарақәа ихы иархәаны иҽшазишәоз Аԥсны ахатә гәаанагара адунеи иаҳарц аҟаҵара. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы илшоз зегь шыҟаиҵоз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргыларазы.
Аԥсны аиааиреи ахьԥшымреи азаагара азықәԥаҩцәа ируаӡәку, иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аполитикатә усзуҩ, аҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор Иури Воронов Аҟәа иҩны аҿаԥхьа дшьын 1995 шықәса, цәыббра 11 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0