https://sputnik-abkhazia.info/20230509/aa-imaysit-aktsia-sra-zym-arkha-1045715198.html
Аҟәа имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа"
Аҟәа имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа"
Аԥсны раԥхьаӡа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥган цәыббра 30 2016 шықәсазы. 09.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-09T13:22+0300
2023-05-09T13:22+0300
2023-05-09T13:26+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/09/1045714395_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_27c73ede8986eb083c36c43e14682bd0.jpg
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аиааира Ду 78 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы.Асааҭ 11:00 рзы акциа алахәылацәа Ахақәиҭра ашҭаҿы рҽеидкыланы ақалақь агәы иалсит. Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеии Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи, Аҟәа ақалақь ахадареи, Аԥсны аҿар рассоциациа "Аԥеиԥш", Аԥсны КСОРС, аилахәыра “А-Мобайл” рыцхыраарала.Раԥхьаӡа акәны "Ԥсра зқәым архәҭа" еиҿкаан 2012 шықәсазы Томск аҭыԥантәи атележурналистцәа раԥшьгарала. Фнызқьҩык инареиҳаны ақалақь амҩаду хадахь ицәырҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рфотосахьақәа ҩнызқь рҟынӡа икны.Аԥсны раԥхьаӡа акәны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥган цәыббра 30 2016 шықәсазы. Усҟан ҩнызқьи бжаки инареиҳаны акциа рхы аладырхәит. Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа ацҳа ҟаԥшь аҟынтәи Ахақәиҭра ашҭа аҟынӡа амҩаду ианысит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахази, уи анаҩс ахәрақәа ирымаз ирыхҟьаны зыԥсзҭазаара иалҵызи рҭынхацәа рфотосахьақәа рыманы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/09/1045714395_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_04353f1bf5e79f45b66a9575f0cf51c3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аҟәа имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа"
13:22 09.05.2023 (ирҿыцуп: 13:26 09.05.2023) Аԥсны раԥхьаӡа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥган цәыббра 30 2016 шықәсазы.
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аиааира Ду 78 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы.
Асааҭ 11:00 рзы акциа алахәылацәа Ахақәиҭра ашҭаҿы рҽеидкыланы ақалақь агәы иалсит.
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеии Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи, Аҟәа ақалақь ахадареи, Аԥсны аҿар рассоциациа "Аԥеиԥш", Аԥсны КСОРС, аилахәыра “А-Мобайл” рыцхыраарала.
Раԥхьаӡа акәны "Ԥсра зқәым архәҭа" еиҿкаан 2012 шықәсазы Томск аҭыԥантәи атележурналистцәа раԥшьгарала. Фнызқьҩык инареиҳаны ақалақь амҩаду хадахь ицәырҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рфотосахьақәа ҩнызқь рҟынӡа икны.
Аԥсны раԥхьаӡа акәны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥган цәыббра 30 2016 шықәсазы. Усҟан ҩнызқьи бжаки инареиҳаны акциа рхы аладырхәит. Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа ацҳа ҟаԥшь аҟынтәи Ахақәиҭра ашҭа аҟынӡа амҩаду ианысит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахази, уи анаҩс ахәрақәа ирымаз ирыхҟьаны зыԥсзҭазаара иалҵызи рҭынхацәа рфотосахьақәа рыманы.