https://sputnik-abkhazia.info/20230509/chuaz-aiaaira-du-anyazy-sabi-ui-iashtsei-sgalanarshoit-1045702269.html
Чуаз Аиааира Ду аныҳәазы: саби уи иашьцәеи сгәаланаршәоит
Чуаз Аиааира Ду аныҳәазы: саби уи иашьцәеи сгәаланаршәоит
Гагра инхо Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Алик Чуаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи аибашьра Ду иалахәыз иаб Уаҳаиди уи... 09.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-09T16:39+0300
2023-05-09T16:39+0300
2023-05-09T16:39+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/08/1045702620_0:155:960:695_1920x0_80_0_0_85e91310c4c794360d7f462eb3cd119a.jpg
Аиааира Ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: аешьцәа Чуазаа ирызкны
Аиааира Ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: аешьцәа Чуазаа ирызкны
Гагра инхо Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Алик Чуаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи аибашьра Ду иалахәыз иаб Уаҳаиди уи иашьцәа Манчеи, Хәаҭхәаҭи (Антипа), Қьаазыми рҭоурых."Аишьцәа Қьаазым дреиҳабын, агәабжьанытә Манча иакәын, уи ишьҭахь саб, анаҩс Хәаҭхәаҭ. Хәаҭхәаҭ дыбжьаӡит. Аибашьра дцеит, уаҳа дыхнымҳәит. Иахьагьы иҳаздыруам дахьжу, даҳзымԥшааит. Саб 1914 шықәсазы диит. Қарҭ амедицинатә институт дышҭаз, алаҳәара ҟарҵеит аԥырра зҭаху шәыҟазар, ишәҳарҵоит ҳәа, аха Севастополь арра-мшынтә флот иақәшәеит 1937 шықәсазы иҩызцәеи иареи. Уа дшыҟаз аибашьра дақәшәеит, имоуп аҳамҭақәа Кавказ, Севастополь, Одесса рыхьчаразы, Агәымшәаразы амедал ҩынтә ирҭеит, "Аеҵәа Ҟаԥшь " аорден. Аибашьра ӷәӷәала ихигеит. Аибашьра атәы аинтерес сыман, сиазҵаауан, аха акгьы ҳзеиҭеиҳәаӡомызт", - иҳәеит Алик Чуаз.Иара еиҭеиҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра архивқәа рышьаҭала Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазкны еиҿкаау асаитқәа рҿы Уаҳаид Чуаз идҳәаланы ирԥшааз адыррақәа ртәы.Алик Чуаз иаб иашьа Манча аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы дырҭҟәеит, абналара илшеит, аха анаҩс 25 шықәса аҭакра иқәырҵеит Сталин иусԥҟала. Манча аҭакра ихыганы аҩныҟа дааит, аҭаацәара аԥиҵеит, ахәыҷқәа ихылҵит.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/08/1045702620_0:65:960:785_1920x0_80_0_0_15355f7d6647c7c6d10dddb8d440d6fe.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Гагра инхо Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Алик Чуаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи аибашьра Ду иалахәыз иаб Уаҳаиди уи иашьцәа Манчеи, Хәаҭхәаҭи (Антипа), Қьаазыми рҭоурых.
"Аишьцәа Қьаазым дреиҳабын, агәабжьанытә Манча иакәын, уи ишьҭахь саб, анаҩс Хәаҭхәаҭ. Хәаҭхәаҭ дыбжьаӡит. Аибашьра дцеит, уаҳа дыхнымҳәит. Иахьагьы иҳаздыруам дахьжу, даҳзымԥшааит. Саб 1914 шықәсазы диит. Қарҭ амедицинатә институт дышҭаз, алаҳәара ҟарҵеит аԥырра зҭаху шәыҟазар, ишәҳарҵоит ҳәа, аха Севастополь арра-мшынтә флот иақәшәеит 1937 шықәсазы иҩызцәеи иареи. Уа дшыҟаз аибашьра дақәшәеит, имоуп аҳамҭақәа Кавказ, Севастополь, Одесса рыхьчаразы, Агәымшәаразы амедал ҩынтә ирҭеит, "Аеҵәа Ҟаԥшь " аорден. Аибашьра ӷәӷәала ихигеит. Аибашьра атәы аинтерес сыман, сиазҵаауан, аха акгьы ҳзеиҭеиҳәаӡомызт", - иҳәеит Алик Чуаз.
Иара еиҭеиҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра архивқәа рышьаҭала Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазкны еиҿкаау асаитқәа рҿы Уаҳаид Чуаз идҳәаланы ирԥшааз адыррақәа ртәы.
Алик Чуаз иаб иашьа Манча аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы дырҭҟәеит, абналара илшеит, аха анаҩс 25 шықәса аҭакра иқәырҵеит Сталин иусԥҟала. Манча аҭакра ихыганы аҩныҟа дааит, аҭаацәара аԥиҵеит, ахәыҷқәа ихылҵит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.