Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа раԥхьаӡа акәны Аиааира ду амш азгәарҭеит аибашьра аветеран ида

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсероссийская акция "Георгиевская ленточка"
Всероссийская акция Георгиевская ленточка - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2023
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ианалага Гәдоуҭа араион аҟынтәи афронт ахь ицеит быжьнызқьҩык инареиҳаны арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, урҭ рахьынтәи рышьҭахьҟа изымхынҳәӡеит 3325-ҩык.
ГӘДОУҬА, лаҵара 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира амш азгәарҭеит Гәдоуҭа лаҵара 9 рзы.
Агәырӷьаратә усмҩаԥгатә раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит аибашьра аветеран ида. Гәдоуҭа араион аҟынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҵыхәтәантәи аветеран Рубен Кероиан идунеи иԥсахит лаҵара 28 2022 шықәсазы.
Аныҳәатә ныҟәара хацыркын ақалақь агәы инаркны 1941-1945 шықәсқәа раан иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыхьӡала игылоу абаҟа аҟынӡа. Уи рхы аладырхәит Гәдоуҭа араион анапхгара, Жәлар Реизареи аҭыԥантәи аизареи рдепутатцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа рҭынхацәа, афырхацәа рфотосахьақәа назгоз ашколхәыҷқәа.

"Ари амш аҽны афашист Германиа дԥыхха дықәҵаны аибашьра аҵыхәтәа ԥҵәан. Иҟалеит акыраамҭа иззыԥшыз аҭынчра. Ҳажәлар фырхаҵарыла рыԥсадгьыл ду рыхьчеит. Аԥсны иҟаӡам ҭаацәарак аибашьра амцабз зхьымсыз", - иҳәеит амитинг аартуа Гәдоуҭа араион арратә комиссар Замир Чкок.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Гәдоуҭатәи арезервтә гәыԥ адҵаҟаҵаҩ Роман Цыгәба атәыла ауааԥсыреи асасцәеи аныҳәа рыдныҳәало иазгәеиҭеит, усҟантәи аамҭазы еицаҳзеиԥшыз атәыла ахьчараз ишгылаз быжьнызқьҩык инареиҳаны Гәдоуҭа араион аԥацәеи аԥҳацәеи. Урҭ рахьынтәи аибашьра адәаҿы ишаанхаз 3325-ҩык.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу 7-тәи арратә база ахаҭарнак Закир Валиев иҳәеит, СССР ажәларқәа рфырхаҵаратә мҩа - иахьатәи аԥсҭазаара ишахәҭаку.
Аветеранцәа Реидгыла ахантәаҩы, СССР КГБ аполковникеиҵбы Сергеи Чеквитаӡе азҿлымҳара аиҭеит, амитинг ахь ахәыҷқәа шааиз рабдуцәа рфотасахьақәа рыманы, урҭ дара ахаангьы ишырымбацызгьы рфырхацәа шырдыруа.
Иара убасгьы ихьааганы иҳәеит, зқьҩыла Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа есышықәса Аиааира амш иаԥылоз иахьа аӡәызаҵәыкгьы дшыҟам.
Аныҳәатә гәалаҟазаара иацырҵеит Урыстәылатәи 7-тәи арратә база арратәмаҵзурауаа, урҭ агәаҳәара змаз зегьы акашьи ачаи ԥхеи рырҭон.
Ажәабжьқәа зегьы
0