Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бениа Дәрыԥшьтәи аҽтәы спорт хәмаррақәа рзы: ихадоу - машәыр ҟамлеит

Бениа Дәрыԥшьтәи аҽтәы спортхәмаррақәа рзы: ихадоу, машәыр ҟамлеит
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Дәрыԥшь аҽырҩырҭаҟны лаҵарамза 8-9 рзы имҩаԥган аҽтәы спортхәмаррақәа. Итрадициатәхаз аицлабрақәа ирылахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҟынтәи ф-командак. Ҩымш имҩаԥысуаз аспорт хәмаррақәа арадио Sputnik аефир аҿы реихшьаала ҟаиҵеит Аҽыбӷаҟазаратә спорт афедерациа аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа.
Аиҿцәажәараҿы Бениа зегь реиҳа ихадоу ҳәа иазгәеиҭеит арҭ амшқәа рзы машәыр ахьыҟамлаз.
"Сара хаҭала аспорт хәмаррақәа ҳтәылаҿы иҟоу зегь раԥхьа исыргылоит аҽтәы. Араионқәа зегьы адгылара рыҭаны иҿиалар сҭахуп. Ҟәланырхәаа сынтәа изықәымгылаӡеит, аха дара ркомнадаҿы иҟоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҽыбӷаҟазацәа 10-12 – ҩык. Лыхнытәи акоманда акәзар, зегьы реиҳа иҿоу ҳәа иԥхьаӡоуп. Дара роуп актәи аҭыԥ аанызкылазгьы", - иҳәеит Бениа.
Џьарназ еиҭеиҳәеит ажәытәан араион аҿы аҽтәы спорт аҿар шадрыԥхьалоз, уажәы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0