Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҭоурыхҭҵааҩ Иван Цәышба лаҵара 12 рзы аҵыхәтәантәи имҩа дықәырҵоит

© Foto / из семейного архива Цушба Иван Цушба
 Иван Цушба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2023
Анапаҵаҩра
Иван Цәышба – аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ Урыстәылеи аҳәаанырцә тәылақәеи рҭоурых акафедра адоцент иԥсҭазаара далҵит лаҵара 9 азы.
АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иван Цәышба изанааҭ гәыкала дазыҟан, иԥсадгьыл гәык-ԥсыкала амаҵ азиуан лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа.
Иван Цәышбеи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи курск аҟны аҵара еицырҵон лҳәеит лара, иагьазгәалҭеит ахаангьы уи аҭагылазаашьа ихазы хархәарак шеимҭоз.

"Иван Цәышба иԥсҭазаара иалҵра цәыӡ дууп ҳажәлар рзы. Иара ишьҭамҭа лашаӡа инижьит. Дуаҩ ҟәыӷан, ахӡыргара иламызт. Игәалашәара аҿаԥхьа схырхәоит. Иахьазы асеиԥш иҟоу ауаа маҷхо иалагеит. Игәалашәара сыцзаауеит", - ҳәа лҳәеит лара.

Иван Цәышба аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ианашьан. Еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы аус иуан Ареспубликатә еиҿкаара "Знание" амаӡаныҟәгаҩыс, Аԥснытәи апартиа аобком ареферентс, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ареферент еиҳабыс.
1995 - 2013 шықәсқәа рзы Иван Цәышба Аԥсны ахада иҟны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыҭараз аҟәша ареферентс дыҟан.
1981 шықәса раахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апартиа аҭоурых акафедра арҵаҩыс дыҟан, 1994 раахыс – Урыстәылеи аҳәаанырцә тәылақәеи рҭоурых акафедра адоцентс.
Иван Цәышба авторс дрыман амонографиақәа: "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны хатәгәаԥхарала еибашьуаз аԥснаа", "Амилаҭқәа ма ажәларқәа ахатәхалаҳәаақәҵараз рзини Аԥсны ахьыԥшымра апроблемақәеи", аочеркқәа реизга "Урыстәыла амилаҭтә зҵаара".
Иван Цәышба анышә дамардоит лаҵара 12 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0