Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Асоциалтә ҳақәа рҿы авидеоконтент аларҵәашьа иалацәажәеит Sputnik аҿы

© Sputnik / Томас Тхайцук SputnikPro - Ольга Анисимова
SputnikPro - Ольга Анисимова - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2023
Анапаҵаҩра
Авидеоконтент еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аларҵәашьа атәы далацәажәон Ольга Анисимова.
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Асоциалтә ҳақәа рҿы авидеоконтент аларҵәашьа иалацәажәеит Sputnik Аԥсны аҿы арҵаратә проект SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Алекциа мҩаԥылгеит МИА "Россия сегодня" авидеоқәа рдирекциа ахада Ольга Анисимова. Лара еиҭалҳәеит авидео шыҟаҵатәу, ишаларҵәатәу, азхьаԥшра зҭатәу, аконтент аԥызҵарц зыӡбаз идырырц ихәҭоу.
Анисимова иазгәалҭеит раԥхьа иргыланы ари аусураҿы ихадоу аконтент бзиа ауп ҳәа. Убри аан аудиториеи уи аҭахрақәеи акыр азхьаԥшра рыҭатәуп ҳәа азгәалҭеит лара.

“Аматериал бзиа аудиториа аинтерес азцәырнагоит, иахәаԥшуеит", - лҳәеит алектор.

YouTube аус ацызуа ауаа рзы Анисимова абжьгара ҟалҵеит аплатформа аԥҟарақәа ҭырҵаарц. Урҭ аԥҟарақәа анузымдыруа, “аканал” аханатә ахархәара алымшар ауеит.
“Раԥхьа иргыланы комиунити-гаидлаинс ҭҵаатәуп. Урҭ шәырмыԥхьар, ауадаҩрақәа шәԥылоит. Шәара ибзиаӡоу авидео шәымазар ҟалоит, аха уи аконтент аҿы ауаҩшьра ма аисра ыҟазар, YouTube иара ԥнакыр алшоит”, - лҳәеит Анисимова.
Анисимова илҳәеит атрендқәа ишрызхьаԥшлатәу, ахештегқәа шырҿыцлатәу. Ажәабжьтә трендқәа рылацәажәараан иарбанзаалак авидео еиҭарҭаххар ҟалоит.
Ирыцәшәатәым ԥшшәахәырацәала еиҿкаау ацәақәа, ишьақәыргылоу аҳәоуқәа. Асоциалтә ҳақәа рҿы аихьӡарақәа 50% убарҭ роуп изыдҳәалоу лҳәеит аспикер. Анисимова лажәақәа рыла, авидео раԥхьатәи асекундқәа инадыркны ахәаԥшҩы даднахало еиҿкаатәуп. Иара убасгьы иухаумыршҭыроуп ухатә аудиториа, акьыԥхьымҭақәа нашьҭлатәуп, алаикқәа ықәыргылалатәуп, иааныжьлатәуп ахҳәаақәа.
Пресс-конференция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2023
Иабарыԥшаауеи ауаа амедиа ҿыц: SputnikPro амодуль ҿыц
Ажәабжьқәа зегьы
0