Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атәылахьчара аминистрра архәҭақәа ркомандирцәа алархәны аоперативтә ҽеизакра мҩаԥнагоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Шевроны МОРА РА
Шевроны МОРА РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Лаҵара 10 инаркны лаҵара 30 аҟынӡа Атәылахьчара аминистрра архәҭақәеи аидҵарақәеи ркомандирцәа алархәны аоперативтә ҽеизакра мҩаԥнагоит.
Ауснагӡатә ахықәкы хада – адҵаҟаҵаратә еилазаара апрофессионалтә-маҵзуратә зыҟаҵара ашьҭыхра.
"Азыҟаҵарақәа шьаҭас ирымоуп Аԥсны араионқәа рҿы зҽеиҭазкыр алшо аоперативтә ҭагылазаашьа иақәшәо апрактикатә ҽазыҟаҵарақәеи агәыԥтә ҽаршьцыларақәеи", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҽеизакраҿы ахархәара аҭахоит Урыстәыла имҩаԥысуа арратә операциа аԥышәа. Ауснагӡатәқәа мҩаԥыслоит уахынлагьы ҽынлагьы, аус зуа ахысырҭақәеи идырым аҭыԥқәеи рҿы.
Ахархәара рыҭахоит аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа, ар рнапхгара асистема.
Ажәабжьқәа зегьы
0