Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа Баграт Шьынқәба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииПамять Баграта Шинкуба почтили в Сухуме
Память Баграта Шинкуба почтили в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2023
Анапаҵаҩра
Баграт Шьынқәба диит 106 шықәса раԥхьа, лаҵара 12, 1917 шықәсазы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан.
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба дыргәаладыршәеит Аҟәа, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аԥсны аиҳабыра, ашәҟәыҩҩцәа, атәыла аинтеллигенциа, ауаажәларра, апоет игәакьацәа, аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа.
Апоет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Ҟабарда-Балкариеи Адыга тәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, “Ахьӡ-Аҧша” аорден актәи аҩаӡара акавалер, Аҧснытәи Аҭҵаарадырратә Академиа академик Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диижьҭеи 106 шықәса ҵит.
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы
Баграт Шьынқәба – апоет, ашәҟәыҩҩы ҳәа адагьы деицырдыруан ҳәынҭқарратә, уаажәларратә усзуҩык иҳасабала, асовет аамҭазы аԥсуа жәлар рзинқәа рзы ақәԥаҩцәа раԥхьатәиқәа дреиуан.
Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәса жәабран 25 рзы, 86 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамадоуп ихьӡ зхырҵаз ақалақь апаркқәа руак аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0