Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агрԥҳа Кәтолтәи амбулатортә пункт аусуразы: раԥхьатәи ацхыраара ҟаҳҵартә ҳаҟоуп

Агрԥҳа Кәтолтәи амбулатортә пункт аусуразы: раԥхьатәи ацхыраара ҟаҳҵартә ҳаҟоуп
Анапаҵаҩра
Кәтол ақыҭан аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь иаартыз амбулаториа ҿыц аусура шеиҿкаау, уи хәшәыла иахьынӡеиқәшәоу ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит апункт амедиаҳәшьа хада Илона Агрԥҳа.
Ақыҭауаа даара еигәырӷьоит апункт ҿыц аиҭашьақәыргылара ахьалыршахаз ҳәа азгәалҭеит Агрԥҳа аицҿцәажәараҿы.
"Иара аибашьра ашьҭахь еилабганы иҟан. Ачымазаҩцәа ма аҩны иҳадаҳкылон, ма дара рышҟа ҳцон. Зынӡа еилаҳауа ианалага ақыҭа ахадара ахыбрахь ҳаиасит. Апандемиа аамҭа зегьы уадак аҿы аус ҳуан. Даара аџьабаа ҳбеит, кабинетк аҿы 15-16-ҩык ачымазаҩцәа анаауаз иҟан, ҩыџьа-ҩыџьала исыдыскылонаҵы егьырҭ адәы ицәгылан. Аҩныҟа уахынла асааҭ 12 рзы ҳанцоз ыҟан", - ҳәа лгәалалыршәоит амедиаҳәшьа.
Апункт хәшәыла аиқәыршәара атәы даазааҭгыло илҳәеит, шықәсык ахь ҩынтә араионтә хәышәтәырҭа аҟынтә ирҭаху зегьы шроуа, аха даргьы ианаархәогьы ҟалалоит. Раԥхьатәи ацхыраара ҟаҳҵартә ҳаҟоуп лҳәеит Агрԥҳа.
"Апункт аҿы аус луеит еиҭа ахәыҷтәы медиаҳәшьа. Ахәыҷқәа ирҭаху алаҵақәа зегьы абра иҟарҵоит. Аинформациа зегьы акомпиутер аҿы иҭагалоуп. Алаҵақәа рыҟаҵара зҭахымгьы маҷҩым", - лҳәеит Агрԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0