https://sputnik-abkhazia.info/20230513/bagaelia-eieieit-auadara-asshatsa-rydkylara-ryshazyaro-aty-1045766031.html
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит Ауадҳара аԥсшьаҩцәа рыдкылара рыҽшазыҟарҵо атәы
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит Ауадҳара аԥсшьаҩцәа рыдкылара рыҽшазыҟарҵо атәы
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра атуризми аекскурсиақәеи рыҟәша аиҳабы Етлан Багаҭелиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит апансионт Ауадҳара ауааԥсыра... 13.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-13T18:00+0300
2023-05-13T18:00+0300
2023-05-13T18:00+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/0c/1045765867_0:0:753:424_1920x0_80_0_0_327e0ed7f90a213cc5e6e4030c9d5113.jpg
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит, Ауадҳара аԥсшьаҩцәа рыдкылара рыҽшазыҟарҵо атәы
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит, Ауадҳара аԥсшьаҩцәа рыдкылара рыҽшазыҟарҵо атәы
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра атуризми аекскурсиақәеи рыҟәша аиҳабы Етлан Багаҭелиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит апансионт Ауадҳара ауааԥсыра рыдкылара иахьынӡазыҟаҵоуи аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара хылаԥшрас иамоуи ртәы.Асы шаашьҭыҵыз еиԥш аусурақәа нап дыркын, рашәарамза аказы асасцәа рыдкыларазы апансионт мазеихоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Багаҭелиа."Азыҳәақәа рыдкылара ҳалагеит лаҵарамза акы инаркны. Ҩымш рыла иҳамоу аиарҭатә ҭыԥқәа зегьы 90% еиҳаны иҳарҭәхьеит аԥхын зегьы азы. Ауадҳара аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп. Иахьа иҳамоу 82 ҭыԥ роуп. Сақәгәыӷуеит, аԥхын иалагӡаны аиараҭыԥқәа хәыҷык иаҳзацҵозар ҳәа", - иҳәеит Багаҭелиа.Иара иажәақәа рыла, аныҟәара бзиа избо рзы амҩахәасҭа ҿыцқәа алгоуп. Ауаҩы ихала дныҟәартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп, уи ицхрааша аҩырақәа кыдаҳҵоит ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.Убри аан иара иҳәеит, аԥсшьарҭатә ҩнаҿы аанкыларазы ахәқәа шыҟац ишаанхо, аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы акәзар, урҭ еиҳа еиҵоуп.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/0c/1045765867_34:0:751:538_1920x0_80_0_0_f8aa6c9d1c0cbbc99509109b1389bad7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра атуризми аекскурсиақәеи рыҟәша аиҳабы Етлан Багаҭелиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит апансионт Ауадҳара ауааԥсыра рыдкылара иахьынӡазыҟаҵоуи аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара хылаԥшрас иамоуи ртәы.
Асы шаашьҭыҵыз еиԥш аусурақәа нап дыркын, рашәарамза аказы асасцәа рыдкыларазы апансионт мазеихоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Багаҭелиа.
"Азыҳәақәа рыдкылара ҳалагеит лаҵарамза акы инаркны. Ҩымш рыла иҳамоу аиарҭатә ҭыԥқәа зегьы 90% еиҳаны иҳарҭәхьеит аԥхын зегьы азы. Ауадҳара аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп. Иахьа иҳамоу 82 ҭыԥ роуп. Сақәгәыӷуеит, аԥхын иалагӡаны аиараҭыԥқәа хәыҷык иаҳзацҵозар ҳәа", - иҳәеит Багаҭелиа.
Иара иажәақәа рыла, аныҟәара бзиа избо рзы амҩахәасҭа ҿыцқәа алгоуп. Ауаҩы ихала дныҟәартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп, уи ицхрааша аҩырақәа кыдаҳҵоит ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.
Убри аан иара иҳәеит, аԥсшьарҭатә ҩнаҿы аанкыларазы ахәқәа шыҟац ишаанхо, аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы акәзар, урҭ еиҳа еиҵоуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.