Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аџьба атәанчахәы абанктә кассақәа рыла изшәатәу далацәажәеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБанкомат
Банкомат - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра рҟынтә џьоукы зыԥсҭазаара иалҵхьоу рыуацәақәак ртәанчахәы ииашамкәа иахьроуаз иахҟьаны Аԥсны Урыстәыла Атәанчахәытә Фонд аҿаԥхьа ауал ақәхеит.
АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik. Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба атәанчахәы абанктә кассақәа рыла изшәатәу далацәажәеит, иҳәеит уи зыхҟьо Аԥсны ауааԥсыра рҟынтә џьоукы зыԥсҭазаара иалҵхьоу рыуацәақәак ртәанчахәы ииашамкәа иахьроуаз иахҟьаны Аԥсны Урыстәыла Атәанчахәытә Фонд аҿаԥхьа ауал ахьақәхаз шакәу.
Аџьба иҳәеит аусбарҭа асеиԥш аӡбра шаднакылаз 2020 шықәсазы, ауаҩы иԥсҭазаара дшалҵыз азы ианаамҭоу адырра шыҟарымҵо, иуацәа иқәнагам атәанчахәы шыргало.
"2015 шықәсанӡа, амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА ахсаалагақәа алаҵәаанӡа атәанчаҩы хаҭала ма уи зыгәра ганы знапы ианиҵаз ауаҩы аҵәахбанк аҿы атәанчахәы роуан. Ҳәарада усҟангьы аилагарақәа ыҟан, аха уи аилкаара мариан. Азҵаара аӡбра алшон", - ҳәа иҳәеит иара.
Аџьба иҳәеит абанктә хсаалагақәа рыла изҭахыз аԥара шҭигоз. 2015 - 2018 шықәса рыҩнуҵҟа закәаншьаҭада 4 миллионк аԥара ргазар, 2018 - 2020 шықәса рыҩнуҵҟа 27 миллион рҟынӡа ихалеит.
"Урыстәыла Атәанчахәытә Фонд азҵаара ҳҿаԥхьа иқәнаргылеит. Ҳаргьы ишалшо ала иҳаӡбуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Абанктә хсаалагақәа рыла атәанчахәы аиура иакзаҵәыку ӡбароуп ҳәа иҳәеит Аџьба. Иахьа уажәраанӡагьы атәанчаҩы иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь адырра аныҟарҵалак аԥарацҵа ашәара аҭыԥ шамаз анеилкаахо ҟалалоит иҳәеит иара.
Аминистр иҳәеит урыстәылатәи аган атәанчахәы Урыстәыла аҵакыра мацара иаҳшәоит ҳәа иқәгыларгьы алшон ҳәа.
Агәаранқәа реиҵатәразы аҵәахбанкқәа аадыртит, Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа рҿы атәанчахәы ақыҭақәа рахь анагара еиҿыркааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0