Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ласточка" аԥхын Аԥсныҟа аныҟәара аԥеиԥш амоуп ҳәа азырԥхьаӡоит "Аԥсныеихамҩаҿы"

© Foto / руп "Абхазская железная дорога"Состоялся тестовый проезд электропоезда "Ласточка"
Состоялся тестовый проезд электропоезда Ласточка - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2023
Анапаҵаҩра
Афымцадәыӷба "Ласточка" амҩа хырхарҭа "Шәача– Гагра" ала аԥхьаныҟәара мҩаԥган лаҵара 12 рзы.
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. "Ласточка" сынтәа аԥхын Аԥсныҟа аныҟәара аԥеиԥш амоуп ҳәа азиԥхьаӡоит "Аԥсныеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
Иара иажәақәа рыла "Ласточка" Гаграҟа аара аусура рацәа ацын.
"Афымцадәыӷба Гаграҟа иаарц азы аихамҩа аусзуҩцәа мзала аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥыргон. Асеиԥш иҟоу адәыӷба адкыларазы атехникатә зыҟаҵара аҭахуп – аихамҩа аиҭашьақәыргылара, фымцамчла аиқәыршәара, амҩақәа ррыцқьара. "Ласточка" иахьатәи атехника иақәшәо иҟоуп. Ҳара иҳадаҳкыло адәыӷбақәа иреиԥшӡам", - ҳә иҳәеит Ҟәыруа.
"Ласточка" аԥхьатәи аныҟәара мҩаԥыргон УАМеи ААМеи рҟазауаа, иҭырҵаауан аангыларҭақәа, амҩақәа рҭагылазаашьа, аамҩа хырхырҭа ахаҭа ахәшьара арҭон, Шәача инаркны Гагранӡа амҩа заҟа иқәхо шьақәдыргылон.
Ҟәыруа иажәақәа рыла, арҭ зегьы ашәҟәы иҭагалоуп, иҟалар залшо аиԥҟьарақәа раԥырҟәҟәааразы апрограмма шьақәдыргылоит.
"Макьаназ адәыӷба аныҟәара иалаго иаламго атәы аҳәара заауп, аха амҩа цәгьамкәа иазырхиоуп. Уадаҩрада "Ласточка" ала Ԥсоу инаркны Гагранӡа ҳамҩанысит", - иҳәеит иара.
Афымцадәыӷба "Ласточка" амҩа хырхарҭа "Шәача– Гагра" ала аԥхьаныҟәара мҩаԥган лаҵара 12 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0