00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
25 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
13 мин
On air
18:20
14 мин
Хра злоу ахҭысқәа
On air
18:33
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
On air
18:49
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Урыстәыла

Аҳәынҭдума Иаабац Арбџьармчқәа Европа рыҟазааразы Аиқәшаҳаҭра мап ацәнакит

© Sputnik / Мария ДевахинаЗдание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве.
Здание Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Иаабац Арбџьармчқәа Европа рыҟазаара иазку Аиқәшаҳаҭра (ДОВСЕ) мап ацәкра апроект Аҳәынҭқарратә Думахь инашьҭын лаҵара 10 азы.
АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума Иаабац Арбџьармчқәа Европа рыҟазаара иазку Аиқәшаҳаҭра мап ацәкразы азакәан аднакылеит.
Адума адепутатцәа атәыла аинтересқәа напхгаганы иҟаҵаны, Урыстәыла ашәарҭадара аиҿкаара хықәкыс ирыманы ирыӡбеит Иаабац Арбџьармчқәа Европа рыҟазаара иазку Аиқәшаҳаҭра мап ацәкразы азакәан аднакыларц рыӡбеит ҳәа ителеграм-канал аҿы иҩуеит Адума аиҳабы Виачеслав Володин.

"Вашингтони Бриуссельи хырхарҭак ала еиҿкаау адунеи ашьақәыргылара рҭахны, НАТО мрагыларахь инаскьаго еиларыжьит ашәарҭадара еиҿызкаауа аглобалтә система. Аҩада Атлантикатәи алианс алахәылацәа НАТО 1949 шықәсазы ианаԥырҵоз аҽыхьчаратә хықәкы рыманы иаԥырҵон. Аха аус аҿы уи аблок ауасцәа зхарԥаз қәыџьмахеит", - иҳәеит Володин.

Убри аан иазгәеиҭеит аблок Иугославиа, Афганистан, Ливиа, Ирак, Шьамтәыла еилаԥыххаа ишканажьыз, ауаа ршьа шканаршыз.
Володин иҳәеит Вашингтон НАТО ахы иархәаны киевтәи атеррористтә режим агегемониа ацәымӡырц азы бџьарла ишеиқәнаршәо.
Иаабац Арбџьармчқәа Европа рыҟазаара иазку Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Париж, 1990 шықәсазы. 1999 шықәсазы Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) Сҭампылтәи асаммит аҿы еиҭарҿыцыз авариант анапы аҵаҩын. Атекст адаптациатә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит — Урыстәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Украина. Москва 2007 шықәсазы Иаабац Арбџьармчқәа Европа рыҟазаара иазку Аиқәшаҳаҭра алахәхара аҽацәхьанакит, НАТО атәылақәа адаптациатә еиқәшаҳаҭра аратификациа азнауаанӡа, адокумент аҟны иарбоу ламысцқьала анагӡара иалагаанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0