Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лаҵара 18 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит "Аҵх амузеи аҟны"

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция ночь в Музее
Акция ночь в Музее - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2023
Анапаҵаҩра
Есышықәса Амузеиқәа жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит лаҵара 18 рзы.
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Аҟәа акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥгахоит лаҵара 18 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Акультура аминистрра.
Ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи алшара роуеит аҳҭнықалақь амузеиқәа рыхԥагьы рҭаара. Акциа еиҿнакаауеит Акультура аминистрра.

Асааҭ 16:00 рзы Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны имҩаԥгахоит акәашаратәи амузыкатәи аколлективқәа "Ритмы Кавказа", "Аԥсны", "Диоскуриа", "Иаирума" злахәу аконцерт. Анаҩс имҩаԥгахоит авикторина.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи аҟны асааҭ 18:00 рзы иаадыртуеит Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа. Аԥсны аҭоурыхи аҭыԥ ԥшьақәеи ирызкны алекциақәа ирыԥхьоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Мзиа Кәыҵниаԥҳаи аетнолог Марина Барцыцԥҳаи. Ахәылԥаз хыркәшахоит "Апоезиа асааҭ" ала.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны асааҭ 19:00 - 24:00 рзы иаартхоит ҩ-фотоцәыргақәҵак: "Ииасхьоу анырра", "Аԥсуаа рҟны асра – иџьашьатәу адунеи".
"Аҵх амузеи аҿы" – жәларбжьаратәи акультуратә акциа, раԥхьаӡа акәны Франциа 1999 шықәсазы имҩаԥган. Аԥсны ари акциа мҩаԥган 2015 шықәсазы Аҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0