00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ансамбль "Ерцахә" аихшьаалатә концерт мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Концерт ансамбля "Эрцаху"
Концерт ансамбля Эрцаху - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2023
Анапаҵаҩра
"Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара занашьо ансамбль "Ерцахә" 1974 шықәса рзы ишьаҭаркын.
АҞӘА, лаҵара 17- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашәаҳәареи акәашареи жәлар рансамбль "Ерцахә" аихшьаалатә концерт мҩаԥысит Аҟәа, Аҳәынҭқарратә филармониаҟны лаҵара 17 азы.
Аныҳәатә программа аартын аԥсуа чаратә кәашарала, анаҩс Нодар Кәарҷиа напхгара зиҭо ахор инанагӡеит акомпозициа "Ерцахә". Иара убарҭ урҭ ахәаԥшыҩцәа иддырҳаит жәлар ркомпозициақәа жәпакы. Аконцерт апрограммаҿ иҟан аԥсуа, ауаԥс кәашарақәа, акәашара "Ашамҭа", "Нарҭаа рыкәашара" уҳәа егьырҭ аномерқәагьы.
Аконцерттә программа ҩ-сааҭк имҩаԥысуан. Ихыркәшан амилаҭтә кәашарала.
Аихшьаалатә концерти ансамбль анапхгаҩы Вианор Логәуа имширеи еиқәшәеит. Очамчыра араион ахадара акультура аҟәша ахаҭарнакцәа Вианор Логәуа идныҳәалеит, изеиӷьаршьеит агәабзиара, ирҿиараҿы ақәҿиара дуқәа, иазгәарҭеит аԥсуа культура аиқәырхараҿы илшамҭақәа.
Ансамбль "Ерцахә" шьаҭаиркит 1974 шықәса рзы Аԥсны жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ансамбль гастроль ҳасабла ирҭаахьан Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Румыниа, Иугославиа.
2019 шықәсазы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Очамчыра араион Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль "Ерцахә" анапхгаҩы Вианор Логәуа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара иоуразы Аусԥҟа, иара убасгьы инапы аҵеиҩит Аусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьазарц ансамбль алахәылацәа Мака Кәыҵниаԥҳа, Даур Ԥиԥиа, Марина Шинелиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0