Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи алацәажәеит Азеиԥш економикатә ҵакыра аиҿкаара Апрограмма

© Foto / пресс-служба Кабмина РАВ Москве прошло 8-ое совместное заседание рабочей группы РА и РФ
В Москве прошло 8-ое совместное заседание рабочей группы РА и РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рзеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра аиҿкааразы Апрограмма анагӡаразы аусутә гәыԥ ахԥатәи аилатәара мҩаԥысит лаҵарамза 17 рзы Москва.
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рзеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра аиҿкааразы Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа ҩынҩажәи хәба рахьтә инагӡоуп жәаа.
Москва иҟоу аусутә гәыԥ аԥсуа ган напхгаҩыс дамоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
2020 шықәса рзы Апрограмма анышьақәдырӷәӷәоз, ирыдыркылеит:
аиқәшаҳаҭрақәа 5,
амеморандумқәа 7,
азакәанқәа 10,
азакәан иаҵанакуа актқәа 13.
Даҽа 17 рынагӡара иаҿуп, 10 рзы макьана аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит. Иаанхаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы рынагӡара азгәаҭоуп 2023 аҩбатәи азбжазы.
Аганқәа иазгәарҭеит инарыгӡо аусмҩаԥгатәқәа ареспублика асоциал-економикатә ҿиареи аҳәынҭқаррақәа атауар-економикатәи асоциалтәи усхкқәа рҟны русеицуреи рырӷәӷәара иацхраауеит.
Аганқәа злацәажәаз азҵаара хадақәа иреиуоуп ашәахтәшәаратә, аҳазалхратә, агәабзиарахьчара, аҵара, атәанчахәытә еиқәыршәара русхкқәа рҟны азакәанԥҵарақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0