Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа инхо ауаҩы анаркотикқәа хыԥхьаӡара рацәала рымазаареи рыҵәахреи рзы даанкылоуп

© Sputnik Томас Тхайцук Наручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2023
Анапаҵаҩра
Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша.
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа раахәара, рымазаара, рымҩангара хараны идырҵоит Аҟәа инхо, 1982 шықәсазы ииз Альберт Калаиџьан.
Альберт Калаиџьан даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Калаиџьан дааныркылеит Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан. Калаиџьиан идбалан аметадон згәылаз аилаҳәырақәа.
Ашьаус хацыркуп. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша.
Ажәабжьқәа зегьы
0