Аҟәатәи ақалақьтә еизара 2023 шықәсазтәи ақалақь абиуџьет аиҭакрақәа аланагалеит
© Sputnik / Томас Тхайцук Администрация города Сухум
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазтәи Аҟәа абиуџьет шьақәырӷәӷәан 2022 шықәса абҵарамзазы –миллиардки 534 миллиони 206 нызқь мааҭ.
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара 2023 шықәсазтәи ақалақь абиуџьет аиҭакрақәа аланагалеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.
Иара иажәақәа рыла, аԥсахрақәа алагалахеит аҳҭнықалақь ахадара аԥхьаӡамҭахь инеиз апрофициттә хашәала инадҳәаланы.
Апрофицит 229 миллиони 114 нызқьмааҭ ҟалеит. Иабаанагеи арҭ арбагақәа? Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абиуџьетбжьаратә трансферт ауп. Ақалақь адепутатцәа абиуџьет аиҿкаараан дотациа ҳасабла иаларгалеит. 18 миллиони 723 нызқьмааҭ ахадеи аԥыза-министри ррезервтә фондқәа рҟынтәи иаланагалеит. Арҭ аԥарақәа ахықәкытә ҟазшьа рымоуп, ииасыз аԥхынразы иҟаз аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхра иазырхоуп. 443 нызқьмааҭ аԥыза-министр ирезервтә фонд аҟынтәи автобустә парк ахархәараз, ари автобусқәа рзы аԥсахгатә хәҭақәеи агьыжьхарԥақәеи раахәара алнаршеит. 183 миллиони. 391 нызқьмааҭ абиуџьет иацәынхоуп. Апрофицит 2023 шықәсазы акәӡам ианеиҿкаахаз, абиуџьет анрыдыркыла ашьҭахьтәи алагалақәа роуп изхылҿиааз", - иҳәеит Осиа.
Апрофицит аҟынтә 229 миллион мааҭ адепутатцәа 92 хыбра рыргылара иаздырхеит. Аныхратә хәҭа адефицит Аиааира 30 шықәса ахыҵра аныҳәа Афонд аҟынтә ихырҩараны иҟоуп. Ари азы аиқәышаҳаҭра ыҟоуп.
Аргыларатә усқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳабла ҿыц амҩа- Цәыббра 30, Арӡынба имҩа ахәҭаки дырҽеираны иҟоуп.
2023 шықәсазы иазыԥхьагәаҭоуп Аҟәатәи ашьха аиҿкаара. Аремонт рзухоит анаԥшааԥшырҭа ҭыԥ, аҟыршә, агәашьаркыра. Арҭ аусурақәа ирықәхарџьхоит 15 миллион мааҭ рҟынӡа.