Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷиа адгьылақәаарыхреи аамҭа аҭахрақәеи ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷиа адгьылақәаарыхреи аамҭа аҭахрақәеи ирызкны
Анапаҵаҩра
Ааԥын адгьыл ақәаарыхра иаамҭоуп, аха сынтәа ақәоурақәа рацәоуп. Ианаамҭоу ацәаӷәара уахьымӡар, алаҵара уахыԥоит, убас анаҩстәи аусқәа. Адгьыл ақәаарыхра иадҳәалоу азҵаарақәа, арҭ амзақәа рзы аҳауа аҭагылазаашьа ашьақәгылашьа анаҩс аҽаҩра ианыԥшыр шалшо ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит анхаҩы, анаплакҩы, Ауаажәларратә палата алахәыла Абесалом Кәарҷиа.
Иҳаҩсыз ашәышықәсазы ацәеихала ақыҭауаа аныцәаӷәоз, Аԥсны 70 нызқь гектар аџьықәреи аадрыхуан, иҳаҩсыз ашықәс азы акәзар 3-5 нызқь еиҳам, ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараҟны Кәарҷиа.
"Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны анхаҩы напыла аџьабаа ибаӡом, атехника аус ауеит. Ҳара ҳҟны ҭагылазаашьа хьанҭоуп. Ус еиԥш амаруга имаӡам анхаҩы, напышьашәала, ҽагала аԥш аарыхра изыфеидаӡам, убри аҟынтәи ауп еиҳарак аахәара дзашьҭоу. Иахьынӡаздыруа х –миллион кьыла аԥш атәым ҳәынҭқарра аҟынтәи иааҳгоит, убас аҟәыд ааҳгоит. Ақыҭанхамҩа иҷыдоу азнеишьа амаӡам. Ақыҭанхамҩа аминистрра 100 миллион мааҭ рыман. 200-300 нызқьмааҭ анхацәа ацхыраара рырҭоит, аха уи узгәамҭакәа илыҵаба ицоит. Убас еиԥш амаругақәа ыҟоуп иахьа, ауаҩы иџьабаа рмаҷны афеида ҳаракны иҟауҵар ауеит", - иҳәеит Кәарҷиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны .
Ажәабжьқәа зегьы
0