Урыстәыла

Патрушев: Украина уран злаз аџьаԥҳаны ааха анаиу ашьҭахь арадиациа Европаҟа инеиит

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабочая поездка секретаря Совета безопасности РФ Н. Патрушева в Мурманск
Рабочая поездка секретаря Совета безопасности РФ  Н. Патрушева в Мурманск - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2023
Анапаҵаҩра
Британиа ду Украина иазынанашьҭит зқьы хгәыцә Challenger 2 азы, урҭ ирылан зеилазаараҿы иласу ауран злаз.
АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Мраҭашәара Украина иазаанашьҭыз ауран злаз аџьаԥҳаны ашьҭаҵарҭа анықәрыцҟьаа ашьҭахь арадиоактивтә ԥсҭҳәа хылеит, уи Европаҟа ахы археит, абри атәы иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушев Сыктывкар аилацәажәараҟны.
Иара иҳәеит иацы ЕАА рхада Џьо Баиден Хиросимҟа дышнеиз асаммит G7 алахәхаразы, дара ртәала "азеиԥш демократиатә мазарақәа" рыхьчаразы. "Мраҭашәара атәылақәа рхадацәа ЕАА адҵала Украина ацхыраара иалацәажәараны иҟоуп", - иҳәеит Патрушев.
Патрушев иазгәеиҭеит, америкаа "изныкымкәа адунеи асеиԥш ацхыраарақәа шарҭахьо". Украинагьы "иацхрааит", уажәы иара иазынарышьҭыз аџьаԥҳаны ақәыцҟьаара ашьҭахь арадиоактивтә ԥсҭҳәа хылеит, уи мраҭашәаратәи Европаҟа ахы археит. Польша арадиациа еиҳа ишеиҳахаз азгәарҭеит", - иҳәеит Патрушев.
Ажәабжьқәа зегьы
0