Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит

© Sputnik / Марианна Кубрава Последний звонок во второй средней школе
Последний звонок во второй средней школе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2023
Анапаҵаҩра
Аҵара аминистрра адыррала 2023 шықәсазы 153 школ рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит.
АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Лаҵара 25 рзы Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит.
Александр Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҿы 2023 шықәсазы ашкол иалгеит 96-ҩык аҵаҩцәа. Аҩбатәи акласс ахь ииасит 136-ҩык.
Аныҳәатә цәаҳәа еиҿкаан ашкол ашҭаҿы. Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит адиректор Ирина Повирскер.

"11 шықәса рыҩнуҵҟа ҭаацәакны ҳҟалеит, ҳаизгәакьахеит. Арҭ ашықәсқәа ирҭагӡаны Аԥсны атәылауаа бзиақәа азаҳааӡеит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ҳаушьҭымҭацәа ҳшәықәгәыӷуеит", - лҳәеит лара.

Аушьҭымҭацәа рыкласс анапхгаҩы Марина Давыдова аҵаҩцәа дрыдныҳәало иазгәалҭеит "аҩбатәи ран леиԥш" лхы шылбо.
"Иҳаман аиааирақәа, аҵахарақәа, алабжышқәа, аччаԥшьқәа, актәи абзиабара. Мҩакы ҳаицанысит. Ихадароу шәаа шәыбзиахар ауп", - лҳәеит лара.
Александр Афанасьев москватәи аҵараиурҭақәа руак азиндырратә факультет дҭалахьеит. Иара иажәақәа рыла, ари азанааҭ дхәыҷаахыс бзиа ибон.
"Иниасны ицеит 11 шықәса. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа акыр иуадаҩын. Аха, насыԥ сыманы избоит зегь ахьыманшәалахаз", - азгәеиҭеит арԥыс.
2023 шықәсазы 1777-ҩык ашколқәа ирылгеит. Ԥшьҩык ахьтәы медал аиуразы иқәгылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0