Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынба Аԥсни Белоруссиеи рыбжьара аиҩызара аҿиара аҵакы дазааҭгылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, атәылақәа азхәыцуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура - аекономика, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аинформациатә техналогиақәа уҳәа.
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсни Белоруссиеи реизыҟазаашьақәа аҿиара ҳполитиказ акыр зҵазкуа астратегиатә хырхарҭоуп ҳәа азгәеиҭеит "Аԥсуа телехәаԥшра" ишиашоу ицо аефир аҟны.
Убри аан Арӡынба иҳәеит, аекономикатә еизыҟазаашьақәа зыбжьам атәылақәа рҟынтәи ахьыԥшымра азхаҵара азԥшра шаԥсам.
Аминистр иазгәеиҭеит, ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа реиԥылараҟны раԥхьа Аԥсны, анаҩс Минск ишазгәаҭаз аусеицуразы ахырхарҭақәа. Аинвестициатә, ахәҳаахәҭра-економикатә, аҵарадырра, агәабзиарахьчара уҳәа аусхқәа рыҟны.
Убри аан Арӡынба иҳәеит, аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара аҟны ауадаҩрақәагь шыҟоу, аха урҭгьы риааира шалшо.
Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы адәныҟатәи аполитика егьырҭ ахырхарҭақәа дырзааҭгыло иаликааит Мрагылара Ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа. Иара игәаанагарала, арҭ атәылақәа рдипломатиатә хаҭарнакцәа русеицура хәыҷы-хәыҷла аекономикатәи аинвестициатәи аусеицурахь ииасыр алшоит.
Инал Арӡынба аԥхьаҟа аԥеиԥш змоу хырхарҭан дахәаԥшуеит Африка. Арҭ атәылақәа аизҳара иаҿуп. Аимадарақәа рыбжьаҵаразы аԥсуа делигациа Санкт-Петербург имҩаԥысуа "Урыстәыла - Африка" ассамит иалахәхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0