https://sputnik-abkhazia.info/20230528/asny-aynarrat-sharadarat-mazura-aiaby-azakan-ishao-nyoit-1046041345.html
Аԥсны АШәМ аиҳабы: азакәан ишаҳәо ҳныҟәоит
Аԥсны АШәМ аиҳабы: азакәан ишаҳәо ҳныҟәоит
Sputnik Аҧсны
Аоппозициа Аҟәа лаҵара 30 рзы аҭынч митинг шымҩаԥнаго азы алаҳәара ҟарҵеит. 28.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-28T15:00+0300
2023-05-28T15:00+0300
2023-05-28T20:31+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/0d/1039550939_0:0:2867:1614_1920x0_80_0_0_a12fb4d02d8780a55b8c4e33d979cd5c.jpg
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Аоппозициаа рмитинг аан азин еилазго ашьаҿақәа ҟазҵо аӡәыр дҟалар, азинхьчаратә усбарҭақәа азакәан ишаҳәо ирызныҟәоит иҳәеит Аԥсны АШәМ аиҳабы Роберт Кьиут, Аԥсны Иахьа аинтервиу аҭо."Ҳара азакәан ишаҳәо ҳныҟәоит. Ҳганахьала - азинхьчаратә усзуҩцәа рганахьала - зинеилагарак ҟалараны иҟам. Ус ак ҟалозар, ҷыдала ҳацклаԥшлоит, ӷәӷәала иахьҳархәлоит. Ҳтәылауаа рахьгьы ааԥхьара ҟаҳҵоит иақәнагам акы ҟарымҵарц, мап анакәха, ҳтәыла азакәанԥҵара ишаҳәо ала лахь рыҭахоит", - иҳәеит Кьиут.Иара убас иара иазгәеиҭеит азакәан еиларгар, мчыла амчра ахҳәара рҽазыршәар, ҷыдала уи шьақәзырӷәӷәо афактқәа шеизырго, аиҳабыратә хыбрақәа иаарыкәыршаны авидеокамерақәа шықәдыргыло, еиҿкааны ишрымоу ашьаус-оперативтә гәыԥ, уи амитинг аҟны имҩаԥысуа зегьы ишашьклаԥшло.Аҭынчратә митинг атәылауаа закәанла ирымоу азин иақәшәоит, урҭ ргәаанагара аарԥшразы имаругоуп иҳәеит Кьиут. Иара убас иара агәрагара ааирԥшит иарбан зҵааразаалак еизыразрала иазнеир шалшо. Мшаԥы 25 рзы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи атәыла ахада Аслан Бжьаниа дазхьадырԥшит амчра агхақәа. Аоппозициа дҵас иқәдыргылеит Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ишьҭырц, ус анакәымха, "иахьатәи амчра ажәлар ирҿагылоу рполитика аҿагыларазы" акциа мҩаԥаагоит ҳәа азгәаҭо,
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/0d/1039550939_79:0:2810:2048_1920x0_80_0_0_44547f569bf8d828ccd3ba4cab761ef4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны АШәМ аиҳабы: азакәан ишаҳәо ҳныҟәоит
15:00 28.05.2023 (ирҿыцуп: 20:31 28.05.2023) Аоппозициа Аҟәа лаҵара 30 рзы аҭынч митинг шымҩаԥнаго азы алаҳәара ҟарҵеит.
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Аоппозициаа рмитинг аан азин еилазго ашьаҿақәа ҟазҵо аӡәыр дҟалар, азинхьчаратә усбарҭақәа азакәан ишаҳәо ирызныҟәоит иҳәеит Аԥсны АШәМ аиҳабы Роберт Кьиут, Аԥсны Иахьа аинтервиу аҭо.
"Ҳара азакәан ишаҳәо ҳныҟәоит. Ҳганахьала - азинхьчаратә усзуҩцәа рганахьала - зинеилагарак ҟалараны иҟам. Ус ак ҟалозар, ҷыдала ҳацклаԥшлоит, ӷәӷәала иахьҳархәлоит. Ҳтәылауаа рахьгьы ааԥхьара ҟаҳҵоит иақәнагам акы ҟарымҵарц, мап анакәха, ҳтәыла азакәанԥҵара ишаҳәо ала лахь рыҭахоит", - иҳәеит Кьиут.
Иара убас иара иазгәеиҭеит азакәан еиларгар, мчыла амчра ахҳәара рҽазыршәар, ҷыдала уи шьақәзырӷәӷәо афактқәа шеизырго, аиҳабыратә хыбрақәа иаарыкәыршаны авидеокамерақәа шықәдыргыло, еиҿкааны ишрымоу ашьаус-оперативтә гәыԥ, уи амитинг аҟны имҩаԥысуа зегьы ишашьклаԥшло.
Аҭынчратә митинг атәылауаа закәанла ирымоу азин иақәшәоит, урҭ ргәаанагара аарԥшразы имаругоуп иҳәеит Кьиут. Иара убас иара агәрагара ааирԥшит иарбан зҵааразаалак еизыразрала иазнеир шалшо.
"Зегь реиҳа ихадоу - иқәдыргыло азҵаарақәа зегьы ииашахаҭаны ишьақәырӷәӷәаны иҟазар ауп. Ҳара зегьы ибзианы иаҳдыруеит ҳтәылауаа рзинтә хыдҵақәа, аха убри аан азинеилагарақәа зегьы аԥҳарҟәҟәаалоит", - иҳәеит Кьиут.
Мшаԥы 25 рзы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи атәыла ахада Аслан Бжьаниа дазхьадырԥшит амчра агхақәа. Аоппозициа дҵас иқәдыргылеит Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ишьҭырц, ус анакәымха, "иахьатәи амчра ажәлар ирҿагылоу рполитика аҿагыларазы" акциа мҩаԥаагоит ҳәа азгәаҭо,