Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсны аԥеиԥш" аԥхьахәқәа есышықәса ирырҭалоит

© SputnikБудущее Абхазии
Будущее  Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥхьахә аԥара азоурыжьлоит ибиуџьеттәым ахархәагақәа рҟынтәи.
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. "Аԥсны аԥеиԥш" аԥхьахәқәа абаҩхатәра злоу аҿар есышықәса ирырҭалоит ҳәа адырра ҟанаҵоит ААР Амедиацентр.
Асеиԥш аӡбамҭа идикылеит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынба.
Апроект "Аԥсны аԥеиԥш" аиҿкааҩцәа Урыстәыла зҵараҿы зҽалызкаауа аԥснытәи астудентцәа есышықәса аԥхьахәқәа рырҭалоит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәхәарҭа абзоурала.

"Апроект "Аԥсны аԥеиԥш" Урыстәыла зҵараҿы зҽалызкаауа аԥснытәи астудентцәа есышықәса аԥхьахәқәа рырҭалоит. Ацҳаражжәҳәарҭаҿы еиҿкаахо акомиссиа иалнакаауеит хәҩык ҳџьынџьуаа, еиҳа активла зхы аазырԥшыз. Дара аԥаратә ԥхьахәқәа ранашьахоит ", — иҳәеит ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" акоординатор, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аҩбатәи имаӡаныҟәгаҩ Ренад Бениа.

Иалыркаауа хәҩык аҿарацәа рыцыԥхьаӡа ирыҭахоит аԥаратә ҳамҭа, адыгалара рырҭоит рыгәҭакқәеи рпроектқәеи рынагӡараан.
Аԥыжәара рыҭоуп ахырхарҭақәа – жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, адунеитә економика, аинформациатә технологиақәа, апрограммаҟаҵара.
Ажәабжьқәа зегьы
0