Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сабуа: зышәагаа маҷу аӷбақәа рыԥшәмацәа аԥсшьаҩцәа ирарҳәалароуп аԥҟара атәы

Сабуа: зышәагаа маҷу аӷбақәа рыԥшәмацәа аԥсшьаҩцәа ирарҳәалароуп аԥҟара атәы
Анапаҵаҩра
Аԥхын аекстремалтә спорт абзиабаҩцәа амшын аҟны агидроцикл еиԥш иҟоу ирццакны ицо зышәагаа маҷу аӡсагақәа ирықәтәоит. Аԥсны ус еиԥш аӡтәы транспорттә хархәагақәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, иарбан шәарҭарақәоу урҭ ирыцу, амшын ахыларазы азин шрырҭо, азинеилагарақәа раан ахараԥсақәа шаҟа ршәар акәу урҭ ирықәтәо еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда аминистрра иаҵанакуа Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
"Аԥсны ус еиԥш зышәагаа маҷу аӷбақәа 1000 цыра рҟынӡа ыҟоуп, аха аԥхын урҭ рхыԥхьаӡара ирыцлоит, избанзар аԥсшьаҩцәа агидроциклқәа уҳәа ирықәтәаны илеиҩеиуеит. Ишаҳдыруа еиԥш, атехникатә ҭагылазаашьазы азинтә шәҟәқәа змамгьы, ԥарак аладырҳауеит ҳәа ауаа ақәдыртәоит. Ахараԥса ишәар акәхоит ус еиԥш азинтә шәҟәыда ахархәага иақәтәоу. Ахараԥса 12 инаркны 18 нызқь мааҭ рҟынӡа иҟоуп. Урыстәыла даҽакала иҟоуп аҭагылазаашьа. Ус еиԥш аӷба маҷ арныҟәага дуумзар, азинтә шәҟәы аҭахӡам, ҳара ҳҟныиаҭахуп", - иҳәеит Сабуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0