https://sputnik-abkhazia.info/20230601/asny-abati-ay-any-igyloup-urystylauaa-akhyn-zaa-iaanyrkylo-asshara-ya-ryny-1046117589.html
Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп урыстәылауаа аԥхын заа иааныркыло аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рыҟны
Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп урыстәылауаа аԥхын заа иааныркыло аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рыҟны
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит урыстәылауаа атәыла анҭыҵ аԥсшьаразы заа иааныркыло аҭыԥқәа рзы ҳәа аанацҳауеит асаит АТОР. 01.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-01T17:25+0300
2023-06-01T17:25+0300
2023-06-01T17:43+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсшьара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0b/1033192747_2:0:2598:1460_1920x0_80_0_0_328bdce9df90a465f88be386ce46116f.jpg
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит урыстәылауаа атәыла анҭыҵ аԥсшьаразы заа иааныркыло аҭыԥқәа рзы ҳәа аанацҳауеит асаит АТОР. Атур азы бжьаратәла ахәԥса иартәоит (амҩа алаҵаны): 80 -100 нызқьмааҭ. Актәи аҭыԥ ннакылоит Ҭырқәтәыла - 3 миллионҩык иреиҵамкәа урыстәылауаа аҭаар алшоит, азеиԥш мҽхакы аҟынтәи 67%. Сынтәа бжьаратәла жәамш аԥсшьара азгәарҭоит. Атур абжьаратә ахәԥса ҩыџьа рзы 215-265 мааҭ итәоит. Ирацәаҩуп сынтәа Ҭырқәтәылаҟа ахәыҷқәа зманы ицогьы. Египт ахԥатәи аҭыԥ ннакылоит. Уахь ацара ргәы иҭоуп 300 нызқьҩык атуристцәа. Абжьаратә ахәԥса ҩыџьа рзы иартәоит 200 нызқьмааҭ. Егьырҭ аҭыԥқәа абас рҽеихыршеит:
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0b/1033192747_326:0:2273:1460_1920x0_80_0_0_875ee562c3d0eda1f347b97ff9f93b39.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аԥсшьара
аԥсны, ажәабжьқәа, аԥсшьара
Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп урыстәылауаа аԥхын заа иааныркыло аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рыҟны
17:25 01.06.2023 (ирҿыцуп: 17:43 01.06.2023) АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит урыстәылауаа атәыла анҭыҵ аԥсшьаразы заа иааныркыло аҭыԥқәа рзы ҳәа аанацҳауеит
асаит АТОР.
Заанаҵтәи ахәԥсақәа рыла, аԥхын аԥсшьараз ареспублика иаҭаар рылшоит миллионҩык рҟынӡа Урыстәылантәи атуристцәа. Урҭ рҟынтәи 60% –Шәачантәи мышктәи аекскурсиақәа ирылахәны.
Атур азы бжьаратәла ахәԥса иартәоит (амҩа алаҵаны): 80 -100 нызқьмааҭ.
Актәи аҭыԥ ннакылоит Ҭырқәтәыла - 3 миллионҩык иреиҵамкәа урыстәылауаа аҭаар алшоит, азеиԥш мҽхакы аҟынтәи 67%. Сынтәа бжьаратәла жәамш аԥсшьара азгәарҭоит. Атур абжьаратә ахәԥса ҩыџьа рзы 215-265 мааҭ итәоит. Ирацәаҩуп сынтәа Ҭырқәтәылаҟа ахәыҷқәа зманы ицогьы.
Египт ахԥатәи аҭыԥ ннакылоит. Уахь ацара ргәы иҭоуп 300 нызқьҩык атуристцәа. Абжьаратә ахәԥса ҩыџьа рзы иартәоит 200 нызқьмааҭ.
Егьырҭ аҭыԥқәа абас рҽеихыршеит:
аԥшьбатәи аҭыԥ ЕАЕ - 300 000-ҩык,
ахәбатәи аҭыԥ Таиланд - 200 000-ҩык,
афбатәи аҭыԥ Мальдивы - 50-55-нызқьҩык,
абыжьбатәи аҭыԥ Куба - 30 - нызқьҩык,
аабатәи аҭыԥ Шри-Ланка - 30 нызқьҩык,
ажәбатәи аҭыԥ Кипр - 10 нызқьҩык,
ажәабатәи аҭыԥ Сеишелы - 8 нызқьҩык.