Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны имҩаԥысит акциа "Иқьиоу акартош"

© Sputnik / Томас Тхайцук Ашана проведет акцию "Добрый картофель" в А-бургере
Ашана проведет акцию Добрый картофель в А-бургере - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш инамаданы "Иқьиоу акартош. Ахәыҷра аныҳәа" акциа мҩаԥысит Аҟәа рашәара 1 азы.
Есышықәса афонд "Ашана" ари акциа мҩаԥнагоит ақьафурҭа "Aburger” аҟны. Еизырго аԥарақәа афонд хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рыцхырааразы идәықәҵахоит.
День защиты детей - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2023
Аԥсны
Илахҿыху ахәмаррақәеи аконцерти: Аҟәа Ахәыҷқәа рыхьчара амш шымҩаԥысыз
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан ақьаад аус адулараз амастер-класс, ахәыҷтәы студиа "Страза" ақәгылара, аниматорцәа рыла еиҿкааз ақәгыларақәа, адискотека, иара убас агәыҳалалратә лотереиа.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, ҵыԥхтәи акциаҟны ирылшеит 120 нызықь мааҭ аԥара аизгара, уи дәықәҵан ахәыҷқәа руаӡәк ихәшәтәразы.

"Ҳхықәкы хада аԥара аизгара мацара акәӡам, арҭ акциақәа рыла иаҳҭахуп ауаа ахәыҷчымазҩцәа рыуадаҩрақәа ирызхьаԥшырц, урҭ ацхыраара рзыҟарҵарц", - ҳәа лҳәеит лара.

Ақьафурҭа "Aburger” анапхгаҩы Лолита Агрба иазгәалҭеит, есышықәса акциа амҽхаки апрограммеи рыҽшдырҭбаауа.
Аныҳәа аҳаҭыр азы акартош рҭиуан - агәыԥ "Анатрио", Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа Наур Хышба, Адица Ҳагԥҳа, амузыкатә проект “Apsny-Star” алахәцәа Нар Нанба, Самвел Миракиан, Адгәыр Лазариа, РУСДРАМ актиорцәа Џьамбул Жорданиа, Лоида Ҭырқьба, Анна Гиурегиан, иара убас Азамаҭ Багаҭелиа, Лали Какәбаа, Радмила Гәниа, Саид Шониа, Адамыр Аршба, Асҭамыр Ешба, Мадина Иазычба, Валери Берзениа, Наира Пилиа, Елеонора Гелоиан, Илона Воуба, Ҭамаз Аблотиа, Батал Чежьиа, Нар Таниа, Лана Абшьлаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0