Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2023 шықәсазы ҭагалан азакәан ҿыц "Аԥсны атуризм азы" аус адулахоит

© SputnikКруглый стол на тему "Туризм в Абхазии
Круглый стол на тему Туризм в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2023
Анапаҵаҩра
"Аԥсны атуризм. Ашәарҭадареи ахаҭабзиареи рыҩаӡара ҿыц" атемала астол гьыжь мҩаԥысит Гагра, рашәара 6 рзы.
ГАГРА, рашәара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. 2023 шықәсазы ҭагалан азакәан ҿыц "Аԥсны атуризм азы" аус адулахоит, абри атәы иҳәеит Гагра имҩаԥысуаз астол гьыжь аҟны Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.
Хышба иҳәеит хара имгакәа ишаԥҵахо аусутә комиссиа, еиуеиԥшым аусхкқәа рҟынтәи аҟазауаа алархәны.

"Шәара ижәдыруеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан 2005 шықәса раахыс ишыԥсахым. Иажәхьеит, иахьатәи аҭагылазаашьақәа ирықәшәо иҟам. Азакәан атуристцәа, аҳәынҭқарра, анаплакыҩцәа рҭахрақәа ирықәшәозароуп", - иҳәеит Хышба.

Хышба иҳәеит атуризм аусхк атәылаҿ ахәшьара шыуадаҩу, ауааԥсыра реиҳараҩык ари аус ишадҳәало.
Аминистр иажәақәа рыла, азакәан апроект алацәажәара мҩаԥгахоит иаартны, абизнес-еилазаара, аотельерцәа, арестораторцәа, атуроператорцәа араионқәа рхаҭарнакцәа алархәны.
Амшхәаԥштә аҿы х-зҵаарак ықәгылан: Азакәан ҿыц "Аԥсны атуризм азы" аус адулара, атуристцәа ршәарҭадареи рзинқәа рыхьчареи иактуалу рызҵаарақәа, "Аԥсны-урыстәылатә туристтә ассоциациа (АРТА) аусура.
Астол гьыжь иалахәын аԥснытәии урыстәылатәии отельерцәа, атуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, Апарламенти Гагра араионтә еизареи рдепутатцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0