Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит аԥшьаша, рашәара 8 рзы

© Foto / "Черноморэнерго"ВЛ "Калдахуара"
ВЛ Калдахуара - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2023
Анапаҵаҩра
Афымцалашара дырцәоит астанциа маҷ "ИЭПиТ" аҟны имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы.
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит аԥшьаша, рашәара 8 рзы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Алашара дырцәоит ашьыжь асааҭ 10:00 инаркны 15:00 рҟынӡа. Лашарада иаанхоит астанциа маҷ "ИЭПиТ" абонентцәа.
Афымцалашара дырцәоит астанциа маҷ "ИЭПиТ" аҟны имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны. "Амшынеиқәафымцамч" ауааԥсыра рахь аҭамзаара шьҭанаҵоит аамҭалатәи аманшәаламрақәа рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0