Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аинвесторцәа Аԥсны ирҭаху атәы еиҭалҳәеит Аҳәынҭдума адепутат

© Sputnik / Акоп Кущян Колесо обозрения в Гагре
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, Аҟәа Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәеи Аҳәынҭдума адепутат Светлана Журови реиԥылараан иалацәажәахьан асоциал-економикатәи агуманитартә хырхарҭақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Урыстәылатәи аинвесторцәа Аԥсны ишыхьчахо азы ахәдықәҵара рҭахуп ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аҟны Аҳәынҭдума адепутат Светлана Журова.
Лара лгәаанагарала, аҳәынҭқаррабжьаратә ҩаӡарала аиқәшаҳаҭра анапы аҵаиҩтәуп ашәарҭара армаҷраз .
"Сара ишеилыскаауа ала Апарламент аҟынгьы еиуеиԥшым агәаанагарақәа ыҟоуп, аинвесторцәа аашьҭтәӡам, зегьы ҳҩнуҵҟатәи алшарақәа рхархәарала иргылатәуп ҳәа зыԥхьаӡогьы ыҟоуп. Сгәы иаанагоит, араҟа Урыстәыла ақәыӷәӷәара алшаӡом ҳәа, убри аан аҩнуҵҟатәи аполитика ҭышәынтәаланы, акаҿы иазааибаганы аинвесторцәа рыхьчараз ахәдықәҵара роуп ҳәа иԥшызаауеит. Абизнесуаа иазгәарҭоит аргылара ишазхиоу, аха еилыркаауеит зегьы шыхьчам", - ҳәа лҳәеит Журова.
Лара лажәақәа рыла, Европа азинқәа зегь рыхьчараз ахәдықәҵара ахьыҟаз, урыстәылатәи аинвесторцәа аӡәырҩы рбизнес рцәыӡит.
"Ишыжәбо еиԥш араҟагьы ахатәы кәама-ҵамақәа ыҟоуп. Абас уажәы ауаа рԥарақәа рцәыӡоит. Аханатә ашәарҭара ахьыҟоу, ауаа уи рҽацәырхьчоит. Убри аҟнытә ҳара ҳрацәажәеит (аԥснытәи аган - азгә.) закәаншьаҭала еидҳәалоу акы аҟны азааибагара, иҟалап ма уи ашәарҭара армаҷраз аҳәынҭқаррабжьаратә ҩаӡарала аиқәшаҳаҭра анапаҵаиҩра акәхар", - ҳәа лҳәеит журова.
Адепутат лажәақәа рыла, аинвестициақәа рыда ареспублика ахала еилаҟәыбасоу аинфраструктура ашьақәыргылара, акыр зҵазкуа ахыбра ҿыцқәа рыргылара уадаҩхоит.
Уаанӡа, Аҟәа Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәеи Аҳәынҭдума адепутат Светлана Журови реиԥылараан иалацәажәахьан асоциал-економикатәи агуманитартә хырхарҭақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0