Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адәыӷба "Ласточка" актәи ареис ахь аҳазалхратә гәаҭара иахысит 65-ҩык апассаџьырцәа

© Sputnik / Бадри Есиава Электропоезд "Ласточка" прибыл в Гагру
Электропоезд Ласточка прибыл в Гагру  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Анапаҵаҩра
Афымцадәыӷба "Ласточка" актәи ареис аамҭа ишазгәаҭаз еиԥш имҩанысит рашәара 8 рзы.
АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Гаграҟа иааз адәыӷба "Ласточка" актәи ареис ахь аҳазалхратә гәаҭара иахысит 65-ҩык апассаџьырцәа, абри атәы иҳәеит Краснодартәи аҳазалхра аихамҩатә аушьҭратә ҭыԥ Адлер аиҳабы Александр Макаров. Абри атәы аанацҳауеит Шәача иҟоу Краснодартәи аҳазалхырҭа.
Иара иазгәеиҭеит апассаџьырцәа рырманшәаларазы иақәнагаз аҳазалхратә операциақәа зегьы адәыӷба иҭымҵӡакәа ирласны имҩаԥыргоит.
Есыҽны Шәачеи Гагреи хәба-хәба вагон змоу ҩ-дәыӷба маҷк рыбжьоуп.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭоит аурыси аԥсуеи қалақьқәа ҩба рыбжьара аимадара иабзоураны аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иҟоу Жәларбжьаратәи автомобилтәи ашьаҟамҩатәи аушьҭырҭатә ҭыԥ Адлер аус иаҳа имариахоит.
Краснодартәи аҳазалхырҭа ауаа иргәаланаршәеит Евразиатәи аекономикатә еидгыла иатәу аҳазалхратә ҳәаа ахазхаҿқәа рахысшьа аԥҟарақәа ртәы:
баџьда арыжәтә џьбара ииаигар илшоит 3 литрак еиҳамкәа;
абаџь ақәҵаны ииаигар илшоит 3 - 5 литра, усҟан литрак арыжәтә џьбаразы абаџь 10 еврок иаԥсахоит;
аҳазалхратә шәарақәа рҟынтәи зхы иақәиҭтәу ахазхаҿы 18 шықәса зхыҵхьоу аӡәы ихатә хархәаразы ҭоԥк еиҳамкәа (асигареҭҭрақәа 10 цырак), ма 50 сигара (сигарилла), ма 250 грамм аҭаҭын ииаигар илшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0