Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Асанепидемстанциа раԥхьаӡа акәны амшынӡы гәарҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Жаркое лето 2022 года
Жаркое лето 2022 года  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны амшынҭалара аамҭа официалла иалагоит рашәара 15 рзы.
АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Амшынӡы арбагақша ҭыганы раԥхьаӡа акәны агәаҭаразы Аԥсны Асанепидемстанциа алабораториахь инаргахьеит абактериологиатәи ПЦР-ҭҵаарақәеи рымҩаԥгаразы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра.
Амшынӡы еизыргоит лаҵара 15 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа ауаа еиҳарак рҽахьыркәабо аҭыԥқәа рҿы.
Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева лажәақәа рыла, абжьааԥны аӡы абактериологиатәи асанитар-рбагатәи флорақәа рзы игәарҭоит.

"Игәаҳҭоит амикробқәа алоу иаламу, урҭ рхаҭақәа ԥырхагам, аха урҭ рацәаны џьарак ианыҟоу, ачымазарақәа зхылҿиаауа амикробқәа рааигәара иҟазар ауеит ауп иаанаго", - ҳәа азгәалҭеит Белиаева.

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада ишылҳәаз ала, аҳәынҭқарра атест-системақәа аанахәеит амшынӡы авирусқәа алоу иаламу агәаҭаразы.
Амшынӡы анализ хәымш ирылагӡаны имҩаԥысуеит.
Аҟьашьырақәа рыдагьы, Асанепидемстанциа аӡы гәанаҭоит ахолера алазааразы лҳәеит алабораториа аиҳабы, аҳақьым-абактериолог Викториа Барцыц, Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо.
Ажәабжьқәа зегьы
0