Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аҽыҩ Краснодартәи аҽырҩырҭаҿы Аԥхынтәи асезон ду аҟны аиааира агеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие скакового сезона-2022 в Краснодаре
Открытие скакового сезона-2022 в Краснодаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Анапаҵаҩра
Краснодартәи аҽырҩырҭаҿы рашәара 10 рзы мҩаԥысит аҽырыҩратә сезон ҿыц аан раԥхьатәи аиԥхныҩларақәа.
АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Аԥсны Голд захьӡу Адгәыр Ԥачалиа иҽыҩ Аԥхынтәи асезон ду ахраҿазы аиԥхныҩлараан раԥхьа инеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Араԥ шьа злоу хышықәса зхыҵуа аҽыҩқәа еиԥхныҩлон 1600 метра иҟаз абжьаӡараҟны. Ари аиԥхныҩлараҿы афбатәи аҭыԥ агеит Ахра Ашәба иҽыҩ Соле Мио.
Аелита ахраҿазы аиԥхныҩлараан Гаркун захьӡу Адгәыр Ԥачалиа иҽыҩ аҩбатәи аҭыԥ агеит. Араԥ шьа злоу ԥшьышықәсеи инеиҳани зхыҵуа аҽыҩқәа еиԥхныҩлон 2400 метра иҟаз абжьаӡараҟны.
Даҽа аԥснытәи ҽыҩқәаки ҽанқәаки аԥхьахә ҭыԥқәа ргеит 1800, 1200 метра ръы, иара убас Аԥкратә храҿазы.
Аҽырыҩрақәа Урыстәыла Амш аҳаҭыр азы имҩаԥган, иара убас 2023 шықәса Урыстәыла ижәытәӡатәиу иреиуоу, Краснодаргьы иакзаҵәыку аҽырҩырҭа 155 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы.
Ари аҽны имҩаԥысит 11 еиԥхныҩлара ҩ-ҽыҩхкык рыбжьара: англызи араԥи шьақәа злоу. Аҳамҭақәа рзеиԥш фонд миллион мааҭк еиҳауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0