Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ахсалԥҳа еиҭалҳәеит Каховтәи арыцҳара ахҟьаԥҟьақәа Аԥснынӡа иааӡар аналшо

Ахсалԥҳа еиҭалҳәеит, Каховтәи арыцҳаразы ахҟьаԥҟьақәа Аԥснынӡа иааӡар аналшо
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекологиа аинститут аусзуҩы Асида Ахсалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы Каховтәи аӡтәы фымцатә станциа аԥжәара ахҳәаа алҭеит, атерракт иахылҿиаар зылшо апроблемақәа ртәы дазааҭгылеит.
Каховтәи арыцҳара иахылҿиаауа аекологиатә проблемақәа ртәы рҳәара даара ицәгьоуп, избанзар, аӡы ахьхыҵыз аҭыԥқәа рҿы иҟан анышәынҭрақәа, ичмазаҩыз арахә ржырҭақәа ҳәа лҳәеит аҵарауаҩ.
"Днепр Амшын еиқәа иалалоит, уи иаанаго уи ауп-аӡы иаанаго ачымазарақәа ҿиалоит, уи иацхраауеит аӡыԥхарра ашьҭыҵрагьы. Агәаанагара ҳамоуп, Краснодартәи атәылаҿацәи иара Аԥснынӡа изааиуам ачымазарақәа, избанзар, уи еиҳарак ақәыӷәӷәара ахьанаҭо Одессеи Румыниеи роуп, амшын ацәқәырԥақәа убас игьежьуеит аҟынтә. Ҳара ҳҳәаахь изааиӡом, аӡиас дуқәа иааныркылароуп. Уи агәаанагара нагӡахоит аҳауатә лышәшәақәа маҷымхар, аха сынтәа аԥхын даара ашоура ҳаракхоит ԥхынгәымза инаркны. Аӡиас дуқәа рыӡқәа маҷхар амшын аҽзарыцқьаӡом, усҟан аҿкчымазара ауаа рахь ииасуеит. Иҳамоуп алабораториақәа, дара есыҽны аӡы анализқәа ҟарымҵалар, ҳусқәа цәгьахоит", - еиҭалҳәеит Ахсалԥҳа.
Ахсалԥҳа иазгәалҭеит аҳәааҿы ауаа ргәаҭаразы алабораториа шеиҿкаатәу. Аҿкчымазарақәа ауаҩы иҟынтә ауаҩы иахь ииасыр алшоит, агәҽанызаара ҳамазароуп лҳәеит аҵарауаҩ.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0