https://sputnik-abkhazia.info/20230613/1046318738.html
Раԥхьатәи аҽаҩра: Гәымсҭа амаахыри амшәмаахыри шҭаргало 
Раԥхьатәи аҽаҩра: Гәымсҭа амаахыри амшәмаахыри шҭаргало 
Sputnik Аҧсны
Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан инхо ҩ-ҭаацәарак фышықәса раԥхьа амаахыри амшәмаахыри аадрыхырц рыӡбеит. 13.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-13T21:11+0300
2023-06-13T21:11+0300
2023-06-18T17:19+0300
афотосахьақәа
аԥсны
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0d/1046307088_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_977b7a1d116aa192fb4d2c8b86ba30c5.jpg
Аргәыц аарыхырҭа аҳҭнықалақь иацәыхарамкәан иҟоуп. Араҟа ақыҭаԥсҭазаара еилашуеит - ҩ-ҭаацәарак хҭацәыхак рымаӡамкәан рхатә наплакы апҵаны иазааԥсоит.Раԥхьа рбизнес амшәмаахыр (малина - аред.) ала иалагеит, анаҩс амаахыргьы ашьапы ркит. Ари ақыҭанхамҩатә культура ааӡара нап адаркит арҭ аргәыцқәа ҳреспубликаҿы алаҵәара бзиа ахьрымоуи, насгьы Аԥсны аҳауа ибзианы иахьанаалои рзы.Саҳәшьа лҭаацәеи сҭаацәеи фышықәса раԥхьа аргәыц аарыхыра ҳалагеит. Иахьа амаахыри амшәмаахыри ааҳрыхуеит. Ҽнак ҳгәыла ҳиҳәеит ара изызҳауа амшәмаахыр 60 шьапы ҳаиҭарц. Убри инаркны хәҷы-хәыҷла еизҳарҳауа иахьа зқь-шьапы ҳамоуп ҳәа еиҭеиҳәеит аҭаацәаратә бизнес ахаҭарнакцәа руаӡәк Амаиак Ипекчиан.
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2023
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     фото, афотосахьақәа, аԥсны
фото, афотосахьақәа, аԥсны
Раԥхьатәи аҽаҩра: Гәымсҭа амаахыри амшәмаахыри шҭаргало 
21:11 13.06.2023  (ирҿыцуп: 17:19 18.06.2023) Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан инхо ҩ-ҭаацәарак фышықәса раԥхьа амаахыри амшәмаахыри аадрыхырц рыӡбеит.
Аргәыц аарыхырҭа аҳҭнықалақь иацәыхарамкәан иҟоуп. Араҟа ақыҭаԥсҭазаара еилашуеит - ҩ-ҭаацәарак хҭацәыхак рымаӡамкәан рхатә наплакы апҵаны иазааԥсоит.
Раԥхьа рбизнес амшәмаахыр (малина - аред.) ала иалагеит, анаҩс амаахыргьы ашьапы ркит. Ари ақыҭанхамҩатә культура ааӡара нап адаркит арҭ аргәыцқәа ҳреспубликаҿы алаҵәара бзиа ахьрымоуи, насгьы Аԥсны аҳауа ибзианы иахьанаалои рзы.
Саҳәшьа лҭаацәеи сҭаацәеи фышықәса раԥхьа аргәыц аарыхыра ҳалагеит. Иахьа амаахыри амшәмаахыри ааҳрыхуеит. Ҽнак ҳгәыла ҳиҳәеит ара изызҳауа амшәмаахыр 60 шьапы ҳаиҭарц. Убри инаркны хәҷы-хәыҷла еизҳарҳауа иахьа зқь-шьапы ҳамоуп ҳәа еиҭеиҳәеит аҭаацәаратә бизнес ахаҭарнакцәа руаӡәк Амаиак Ипекчиан.

Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан амаахыри амшәмаахыри аҟәшәара иалагеит.

Аргәыц аарыхырҭаҿ аус руеит аџьаус иацәымаашьо ҩ-ҭаацәарак.

Еиҭаҳау аргәыцқәа амра ашәахәақәа рацәыхьчараз ахарԥкылхха рхаршәуп.

Арҭ ачықьқәа ашықәс аҩнуҵаҟа изныкымқәан аҽаҩра урҭоит.

Ахәыҷы иниаркны аду иҟынӡа аҭаацәа зегьы, амаахыр жьыргәыцқәа рыԥсы аҿҳәароуп.

Ақыҭанхацәа аргәыц аарыхра иалагеит фышықәса раԥхьа.

Аӡәы 40 кьыла рҟынӡа амаахыри амшәмаахыри аҟәшәара илшоит. 

Аргәыцқәа уеиҷаҳаны иуыҟәшәароуп. 

Ирҟәшәаз аргәыцқәа иҷыдоу аиашьыкқәа ирҭарԥсоит. 

Ацхырааҩцәа хәыҷқәагьы ирылшо ала ихандеиуеит. 

Амшәмаахыр иаҳа ирацәоуп амаахыр аасҭа, избанзар иара зҭаху иаҳа ирацәаҩуп.

Аргәыц ахьеиҭаҳау адгьыл лассы-ласс ирыцқьалатәуп аҳаскьын иамкырц азы.

Аарыхыҩцәа иазгәарҭоит, рмаахыри рымшәмаахыри знык иаазхәаз анаҩс дара рыҟны мацара ишаархәало.

Арҭ анхацәа рус аизырҳара ргәы иҭоуп, аԥхьаҟа иазхәыцуеит ашьхарыжьи ацеи раарыхра.