Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра ақалақь аҟны аӡыржәтә шьақәдыргылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Отключения воды
Отключения воды  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Анапаҵаҩра
НовостиTelegram
Рашәара 14 руха Гагра араион аҟны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны ареспубликатә мҩаду хада ахәҭак ааха аиуит, иарбгеит хыбрақәак. Амшцәгьа иахҟьаны Гагра аӡы аанкылан.
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ақалақь аҟны аӡы шьықәдаргылеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагратәи аӡыршьҭра аиҳабы Фома Агрба.

Иара иазгәеиҭеит, атрансформатор аҟны ауадаҩрақәа шцәырҵыз, аӡыҭгагатә станциа "Репруа-1" ашҟа инеиуаз афымцацәаҳәа иблыз еиҭшьақәыргыланы аӡы аурыжьҭит.

Амшцәгьа иахҟьаны Гагра ақалақь аҟны аӡы рымхын. Астанциа ақәаршҩы илеиуаз аԥхасҭа анамҭаразы аусура ааныркылеит асааҭ 5:00 рзы.
Гагра араион аҟны илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа аԥхасҭа анаҭеит ареспубликатә мҩаду хада ахәҭак, иарбгеит хыбрақәак. Амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхраз аҭыԥаҟны аус руеит Гагра араион акоммуналтә усбарҭақәеи АҶА аусзуҩцәеи.
"Аԥснеихамҩа" аҟны ишазгәарҭаз ала, ақәаршҩы ааха анаҭеит Аныхаԥсҭа ақыҭа иахьаҵанакуа аихамҩеи ашьаҟақәеи. Адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0