Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра араион илеиз ақәаршҩы амҩа хадеи ахыбрақәаки аԥхасҭа ӷәӷәа анаҭеит

© Foto / из соцсетей Ливень размыл дорогу в Гагре
Ливень размыл дорогу в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Анапаҵаҩра
Рашәара 14 руха Гагра араион ақәаршҩы ӷәӷәа леит.
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҟны илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа аԥхасҭа анаҭеит ареспубликатә мҩаду хада ахәҭак, иарбгеит хыбрақәак. Абри атәы иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.

"Сгәы иаанагоит ари ԥшатлакәын ҳәа. Ақәаршҩы ари аҩыза азыҟанаҵомызт. Аӡқәа шьҭыҵит. Амҩаду хада ҭыԥк аҟны акаҭран ықәнагеит. Уажәазы азганк ахаҳә-мҿыҳә ықәыргахьеит, хәыҷы-хәыҷла наҟ-ааҟгьы амашьынақәа рныҟәара шьақәҳаргылоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ҵышәба иажәақәа рыла, амшцәгьа иара убасгьы ахатәы ҩныки асасааирҭа аусзуҩцәа ахьыҩназ ахыбреи ааха анаҭеит. Убри аан аӡәгьы машәыр имыхьӡеит.
Амшҵәгьа иахҟьаны иҟалаз аԥхасҭа ҭҵаатәуп. Еилкааӡам макьана аӡыҭгагатә станициа "Репруа-1" аҭагылазаашьа. Ҵышәба ишазгәеиҭаз ала, аӡы аӷьырак иара аганала акәын ишцоз. Астанциа аусура ааныркылеит асааҭ 5:00 рзы, уажәраанӡагь иаҿарымкӡацт.
Ақалақь иахьаҵанакуа амшцәгьа аԥхасҭа ҳәа акагь ҟанамҵеит. Ҭыԥқәак рыҟны амҩаду ахаҳә анаҳалеит акәымзар.
Амшцәгьа иахҟьаны Шәача ақалақьгьы ааха аиуит, аӡқәа хыҵны ақалақь амҩадуқәеи аҩнқәа актәи аихагылақәа ирыҵалеит, агазмҩангага аԥхасҭа анаҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0