Урыстәыла

Путин иҳәеит, арыц азы аилаӡара Урыстәыла алҵыр ҟалап ҳәа

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание о ходе проведения весенних полевых работ
Президент РФ В. Путин провел совещание о ходе проведения весенних полевых работ - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҟны аус зуа арратә корреспондетцәа дырԥылеит аҩаша, рашәара 13 рзы.
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Арыц азы аилаӡара Урыстәыла алҵыр ҟалап ҳәа иҳәеит атәыла ахада арратә корреспондентцәа рԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Уажә ҳазхәыцуеит арыц азы аилаӡара алҵраз. Еиҳарак аӷбақәа злацо ишәарҭадоу амҩа аҿагылаҩцәа рхы иадырхәоит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа роужьҭраз", - иҳәеит Урыстәыла ахада.
Убри аан иара иазгәеиҭеит, Урыстәыла ари аилаӡара Украина аҳаҭыр азы акәымқәан аҩызаратә ҳәынҭқаррақәа Африкеи Латынтәи Америкеи рзы шакәу изақәшаҳаҭхаз, раԥхьа инаргылан урҭ адунеитә џьырмыкьаҿ арыц азымхараз ааха роуан.
Ԥхынгәы 22, 2022 шықәсазы Урыстәыла, Украина, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ҭырқәтәыла ҩ-еиқәшаҳаҭрак рнапы аҵарҩит: "Украина абаӷәазақәа рҟынтәи арыци аалыҵи шәарҭадарыла амҩангараз", "Урыстәыла афатә аалыҵи арҵәыгақәеи адунеитә џьармыкьақәа рахь рымҩангара ацхрааразы Урыстәылеи ЕАРи рыбжьара аилибакаараз Амеморандум".
Урыстәылеи Украинеи хаз-хазы, Ҭырқәтәылеи Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭразы иҟаз аԥкрақәа раԥыхрази украинатәи арыц алгара ацхраарази раԥхьатәи аилаӡара хазы-хаз рнапы еицаҵарҩит. Украинатәи арыц Амшын еиқәала амҩангара мҩаԥыслоит еицеиқәшаҳаҭны иазԥырҵәаз ишәарҭадоу амҩа — Одесса, Черноморск, Иужныи абаӷәазақәа рыла.
Аԥхьанатә аилаӡара амч аман 120 мшы, уи аҿҳәара анынҵәалак, иацуҵар ҟалон. Аԥхьа аҿҳәара абҵара 17 инаркны хәажәкыра 18 рҟынӡа ҳәа иазгәаҭан. Анаҩс 60 мшы, лаҵара 18 рҟынӡа инахан. Анаҩс даҽа ҩмыз аҽҳәара инахан, Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Сергеи Лавров иажәақәа рыла уи иҟоу "аҭагылазаашьа еилнаргоит".
Визит главы МИД РФ С. Лаврова в Эсватини - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2023
Урыстәыла
Лавров: арыцтә еилаӡаразы иааиуа ҩымз аҭагылазаашьа еилнаргоит
Ажәабжьқәа зегьы
0