Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳагԥҳа ақыҭашколхәыҷқәа ргәабзиара иазку апроект атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳагԥҳа ақыҭашколхәыҷқәа ргәабзиара аҭҵаара иазку апроект атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-абаза Адунеизегьтәи аконгресс аҟны ақыҭашколхәыҷқәа ргәабзиара аҭҵаара иазку апроект актәи ахәҭа еихыршьаалеит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны 700-ҩык инарыцны Аԥсны ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи амедицинатә гәаҭара иахрыжьит. Ари апроект Аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнагеит Агәабзиарахьчара аминистрреи Аҵара аминистрреи рыцхыраарала.
Апроект актәи ахәҭаҟны лкаақәас иҟарҵаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсуа-абаза конгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аиҳабы Изольда Ҳагԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0