Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Какәбаа ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы: есышықәса арзаҳал алазҵо рхыԥхьаӡара еизҳауеит

Какәбаа ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы: есышықәса арзаҳал алызҵо рхыԥхьаӡара еизҳауеит
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Очамчыра араион аҿы апроектқәа рымҩасшьа аинспекциа анымҩаԥигоз аҭыԥантәи араион ақыҭанхамҩатә ҟәша аиҳабы Ҭенгьыз Какәбаа далахәын. Арадио Sputnik аефир иара еиҭеиҳәеит аиԥш зеиԥшу апроектқәа араион аԥсҭазаара иахьынӡаныԥшуа, алҵшәақәа иахьазы иахьынӡаубарҭоу атәы.
Какәбаа иажәақәа рыла 2022 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҟәшахьы 80 арзаҳал ахьалаҵаз 79 проект агәрагара роуит, ԥарала уи 39 миллион мааҭ артәеит.
"Лашькындар, Гәыԥ, Ҭхьына ақыҭақәа рҿы апроектқәа рымҩаԥысшьа гәаҭан. Ауаа ацхыраара зауз зегьы рус бзианы ицоит. Ҳәарада, аилахара ҟалеит, иаҳҳәап, ашәыр еиҭаҳараҿы, ааԥын иахьымӡеит аиҭаҳатә аагара, убри аҟнытә ҭагалан ахь ицеит. Адгьылқәа азыҟаҵоуп, ихкаауп, ицәаӷәоуп", – ҳәа азгәеиҭеит Какәбаа.
Сынтәа апрограмма алахәхаразы 131 арзаҳал алаҵаны иҟан, урҭ рахьынтә 103 проект агәарагара роуит. Еиҳарак ауаа ирыҩуа аԥсаатә ааӡара, арԥхагақәа ргыланы ауҭраҭых ааӡара иазку апроектқәа роуп ҳәа иҳәеит Какәбаа.
Очамчыра араион ақыҭанхамҩатә ҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, ақыҭаҿы инхо аҿар уск азы ацхыраара анроулак, уи ргәы шьҭнахуеит. Иҟоуп апроектқәа аусурҭатә ҭыԥқәа ахьаатуа, арԥхагақәа зыргылаз 5-6-ҩык раҟара аус руеит ҳәа иҳәеит Какәбаа. Ауаа аинтерес рымоуп, есышықәса арзаҳал алазҵо рхыԥхьаӡара еизҳауеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0