Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭинспекциа амшынҭаларатә сезон аҽазыҟаҵара шцо атәы рҳәеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Сухумская бухта
Сухумская бухта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны амшынҭаларатә сезон иалагеит рашәара 15 рзы, уаанӡа аплиажқәа зегьы Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭинспекциа ишьақәнаргылаз ашәарҭадаратә ԥҟарақәа рҽырзыҟарҵар акәын.
АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik. Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа ргәы иҭоуп аплиажқәа амшынҭаларатә сезон разыҟаҵара азҵаара алацәажәаразы араионқәа рхадацәа алархәны аизара амҩаԥгара, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АҶА иатәу Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Сабуа иажәақәа рыла, рашәара 15 рҟынӡа ареспублика аплиажқәа абарҭ аԥҟарақәа ирықәшәо иазыҟарҵар акәын – аиқәырхаҩцәа аӡхәыҵалаҩцәа рыдкылара, аӡҳәаарбагақәа рыхҵара, амшын аҵа арыцқьара, ашхәақәа рзы адыргақәа рыргылара, аӡы уҭалар ахьыҟамло аҭыԥқәа рҿы аҩырақәа ркыдҵара.
Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы иазгәеиҭеит агәаҭарақәа мчыбжьык еиҳаны ишымҩаԥырго. Ари аамҭа иалагӡаны Аҟәа игәаҭан хә-плиажк, уа аилагарақәа аарԥшын. Сабуа иажәа иацҵо иҳәеит Аҟәа ахада Беслан Ешбеи дареи ари азҵаара ианалацәажәоз, уи ишиҳәаз аиқәырхаҩцәа шырҭаху азы алаҳәара шыҟарҵаз, аха ауаа рыԥшаара шыуадаҩхаз. Убри азы мышқәак аамҭа рырҭеит.
Очамчыра араион аҿы акәзар, аплиажқәа еиқәыршәахоит мышқәак рышьҭахь. Ари амчыбжь иалагӡаны аусбарҭа аҟазацәа иара убас ирҭаауеит Гагра, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Пицунда рплиажқәа иҳәеит Сабуа.
Иара иажәақәа рыла, ахатәы плиажқәа рахь гәынамӡара ҳәа акгьы ыҟам. Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭинспекциа азин амоуп аԥҟарақәа рықәымныҟәаразы ахараԥса рықәҵара, хара имгакәа араионқәа амшынҭадларатә сезон иахьынӡазыҟаҵоу иазку ажәахә АҶА ахада Лев Кәыҵниа ирҭараны иҟоуп, уи ашьҭахь араионқәа рхадацәа алархәны аизара мҩаԥгахоит.
 Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа амшын аҟны аҽыкәабареи ашәарҭадара азҵаарақәеи ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2023
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа амшын аҟны аҽыкәабареи ашәарҭадара азҵаарақәеи ирызкны
Ажәабжьқәа зегьы
0