Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламенттә еилакы мап акит амилаҭтә парк "Кәыдры аиҩхаа" аҳәаақәа рыԥсахразы

© Sputnik / Томас ТхайцукКодорское ущелье кодор ажара горы абхазия фото
Кодорское ущелье кодор ажара горы абхазия фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит амилаҭтә парк 16 нызқь гектар инареиҳаны аҵакыра армаҷразы уа абнаԥҟара ахьымҩаԥысуеи ауаа ахьынхои ирхырҟьаны.
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аграртә политикеи, аԥсабаратә мазареи, аекологиеи рзы апарламенттә еилакы алахәылацәа мап ркит амилаҭтә парк "Кәыдры аиҩхаа" аҳәаақәа рыԥсахразы. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа иазгәеиҭеит абнаԥҟара амилаҭтә парк аҿы азин шыҟам.

Уи адагьы, иара иҳәеит абнатә усхкы иадҳәалоу аусбарҭақәа русура усҟак ишазыҳаҵыҳаҵым, иҳәеит абнаԥҟара шьаҭанкыла мап шацәктәу, абнатә ҵакыра иҷыдоу астатус аҭаразы анорматив-зинтә актқәа шрыдыркылаша.

Аилацәажәара алҵшәақәа рыла Аминистрцәа реилазаара ирыдыркылаз ақәҵара аԥыхзарц ажәалагала ҟаҵан, иааиуа Апарламент асессиаан азҵаара цәырыргоит ҳәа ӡбан.
Аилак инарҭбаау аилатәара иалахәын Аекологиазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа, академик Сергеи Бебиа, Абнанхамҩазы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Анзор Ашәхәаҵаа, Абнаԥышәаратә ҭҵаарадырратә станциа аиҳабы Витали Леиба.
Ажәабжьқәа зегьы
0